Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Логәуа Антон Чехов изы: алитератураҿы дсахьаҭыхыҩ дуун

© Sputnik / Томас ТхайцукНугзар Логәуа
Нугзар Логәуа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа 160 шықәса ҵит еицырдыруа аурыс шәҟәыҩҩы Антон Чехов диижьҭеи. Асахьаҭыхыҩ Нугзар Логәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит уи ирҿиамҭақәа дшырзыҟоу.
Логәуа Антон Чехов изы: алитератураҿы дсахьаҭыхыҩ дуун

"Ирацәаҩуп бзиа избо аурыс шәҟәыҩҩцәа. Антон Чехов аԥхьа игылақәоу дреиуоуп, избанзар ирҿиамҭақәа убриаҟара иҵаулоуп, иласуп. Сара иахьынӡаздыруа, знык Аԥсны дыҟан 1888 шықәсазы. Иара даара даргачамкит Аԥсны аԥсабара, дрыҿцаауан ҳажәлар, рҟазшьа, рцәаҩа, рҵасқәа еиликаауан. Чехов иҩыза Суворин иахь асалам шәҟәы иҩуеит, уи усҟан агазеҭ "Новое время" редакторс даман, ашәҟәыҩҩцәа аԥхьагылаҩцәа рырҿиамҭақәа ахьыркьыԥхьуаз ҭыжьымҭан. Иара Аԥсны азы ииҩыз аҟынтә епиграфс иҟасҵеит Москва аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа ацәыргақәаҵа анҳамаз 2006 шықәсазы: "Если бы я пожил в Абхазии хотя бы месяц, то, думаю, написал бы с полсотни обольстительных сказок. Из каждого кустика, со всех теней и полутеней на горах, с моря и с неба глядят тысячи сюжетов. Подлец я, за то, что не умею рисовать", - ҳәа иҩхьан Чехов. Убриаҟара хьаас икит дахьсахьаҭыхҩым. Чехов даҽакала дсахьаҭыхыҩ дуун, арҿиамҭақәа аԥиҵон алитератураҿы, иара иеиԥш ажәабжь ҵаулақәа змоу маҷуп", - иҳәеит Логәуа.

Иара игәаанагарла, Антон Чехов иповест "Дуэль" еиԥш иҟоу аҩымҭақәа, ҳтәыла аԥсабареи аԥсуаа рынхареи рсахьа аазырԥшуа, арҵага шәҟәқәа ирнылар бзиан.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0