Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Табаӷәуа еиҭеиҳәеит Аӡбаҩцәа рыквалификациатә коллегиа мчыс иамоу

© Sputnik / Томас ТхайцукБатал Табагуа
Батал Табагуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡбаҩцәа рыквалификациатә коллегиа амчқәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит уи алахәыла, адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас Баҭал Тапаӷәуа.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Табаӷәуа аӡбаҩцәа рквалификациатә коллегиазы

"Есхышықәса ирыԥсахуеит Аӡбаҩцәа рыквалификациатә коллегиа алахәылацәа. Жәлар Реизара аҟнытә иалахәуп ҩыџьа, иара убас атәыла ахада ихаҭарнакцәа, аӡбаҩцәа, ААУ аҟынтә уҳәа, иаадкылан жә-ҩык ҳаҟоуп. Аӡбарҭахь зхы зырхо ауаҩ, иахәҭоу аԥышәарақәа аныиҭилак ашьҭахь днеиуеит аколлегиа ахь,  уаҟа иҭахоит еиуеиԥшым азҵаарақәа, анаҩс аколлегиа иаднакылаз ақәҵара дәықәырҵоит аӡбаҩцәа рахь, абри ауаҩ иқәныгоу иқәнагаму ҳәа. Уи ашьҭахь атәыла ахадахьы инеиуеит уи ашәҟәы, анаҩс Апарламет ахь, уаҟоуп аҵыхәтәаны иахьыӡбахо иара илахьынҵагьы. Уи адагьы, иаҳҳәап, аӡбаҩ инапы ианыз аус аҿы џьара гхак ҟаиҵазар, уи ӷәӷәоуп ҳәа аӡбаҩцәа иалыркаазар, уи ашьҭахь аколлегиахь арзаҳал неир алшоит, аӡбаҩ ииашамакәа ихы шымҩаԥигаз ҳәа. Анаҩс аколлегиаҿы ирыӡбоит вбас иҭатәу, игха џьбаразар икласстә чын ианыԥшыр ауеит, зынӡа аусура аҟнытә ихы дақәиҭтәхаргьы алшоит. Ажәакала, абас еиԥш амчқәа амоуп аӡбаҩцәа рыквалификациатә Коллегиа", - иҳәеит Табаӷәуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0