Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ авзводқәа ахысрақәа мҩаԥыргеит

© Foto / пресс-служба ЮВОЛичный состав российской военной базы ЮВО в Абхазии
Личный состав российской военной базы  ЮВО в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Авзводқәа ркомандирцәа ашьха-бнаратәии амшынԥшаҳәаҿтәии ҭыԥқәа рҟны еиуеиԥшым адисциплинақәа рзы азшьақәа арҭеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ авзводқәа ркомандирцәа атанкқәа Т-72Б3, акәылӡы зқәу атранспартиорқәа БТР-82АМ рыла ахысрақәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.

"Аруаа иара убасгьы ихысуан Макаров итапанчеи автоматқәа АК-74 рыла. Алеитенантцәеи еиҳабацәеи атехника аекстремалтә рныҟәцараҿ рылшарақәа аадырԥшит. Еиуеиԥшым аԥынгылақәа ирхысит", - аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Зынӡа 50 практикатә зыҟаҵара мҩаԥган.

Аполигонқәа Нагвалоуи Гәдоуҭеи рҿы аҽазыҟаҵарақәа ирхысит 500-ҩык аррамаҵзурауааи авзводқәа ркомандирцәеи.

Аофицерцәа иреилыркаан арратә дисциплина ашьақәыргылашьа, азинеиҿкаара амҩаԥгашьа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0