Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба ԥхьатәара дцеит

© Sputnik Томас ТхайцукАԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба ԥхьатәара дцеит
Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба ԥхьатәара дцеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Даур Аршба Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа неигӡон мшаԥы 25, 2018 шықәса раахыс.

АҞӘА, ажьырныҳәа 21– Sputnik. Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба ԥхьатәара дцеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада исаит.

"Аршба Даури Џьумка-иԥа Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс дахьыҟаз аҟынтәи ихы дақәиҭтәызааит ирзаҳал ҵаҵӷәыс иҟаҵаны", - аҳәоит асаит адырраҭараҟны.

Даур Аршба 2013 шықәса раахыс Аԥсны Жәлар реизара адепутатс дыҟан. Абҵара 12 2014 гшықәса раахыс — Аԥсны Жәлар реизара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ.

2016 шықәса абҵарамзазы Рауль Ҳаџьымба Даур Аршба атәыла ахада Иусбарҭа аиҳабыс дҟаиҵеит. 2018 шықәса мшаԥымзазы – Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.

Атәылаҿы ишьақәгылаз акриминогентә аҭагылазаашьа мзызс иҟаҵаны шәҩыла Аԥсны атәылауаа аҿагыларатә акциа хацдыркит ажьырныҳәа 9 рзы. Ԥшьымш ицоз аҿагыларатә акциа ашьҭахь, ажьырныҳәа 12 рзы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа шышьҭеиҵо азы арзаҳал Апарламент ахь наишьҭит, ажьырныҳәа 13 рзы Жәлар Реизара уи иԥхьатәара аднакылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0