АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik. Зықьҩык инарзынаԥшуа Аԥсны иҟоу урыстәылатәи Аладатәи арратә округ амотохысратә ҟәша аруаа ахысрақәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу урыстәылатәи Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
Атехника, "аӷа" ируаа, аԥрыгақәа аимитациа азызуаз ацәҟьарақәа, иреихсуан БТР-82АМ рҟынтәи апулемиотқәа "Печенег", Калашников иавтоматқәеи ипулемиотқәеи рыла.
Ахысрақәа мҩаԥысуан аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟны.
Ахысрақәа ихдыркәшеит арҟәшақәеи аибашьыга машьынақәа рекипажқәеи реинырратә ҽазыҟаҵарақәа.
Иааидкыланы ауснагӡатәқәа ирылахәын зықьҩык рҟынӡа аруааи 100-ак арратә техникеи.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа алақәа рыцырхырааны аминақәа рыԥшаауан