Маргарита Симониан польшатәи аполитикцәа рзы акциа мҩаԥгазарц рабжьылгеит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМаргарита Симониан польшатәи аполитикцәа рзы акциа мҩаԥгазарц рабжьылгеит
Маргарита Симониан польшатәи аполитикцәа рзы акциа мҩаԥгазарц рабжьылгеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Маргарита Симониан Польша анацистцәа рҟынтәи ахы иақәиҭызтәыз асолдаҭцәа рхылҵшьҭрақәа ирыдылгалеит аибашьра аамҭазтәи афотоҭыхымҭақәа аполитикцәа ирзаарышьҭырц, рабацәеи рабдуцәеи иаадырԥшыз афырхаҵара атәы реилдыркаарц. 

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. "Россия сегодня"-и ателеканал RT-и рредактор хада Магарита Симониан аинтернет аҟны акциа #ВамНеСтыдно хацдыркырц ажәалагала ҟалҵеит, уи ала польшатәи аполитикцәа иргәаладыршәарц Польша ахақәиҭтәраҟны Ар ҟаԥшь инанагӡоз ароль.

Ари ажәалагала Симониан аканал НТВ апрограмма "Своя правда" аефир аҟны ирылалҳәеит.

RT аредактор хада лгәаанагарала, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьраан иҟалаз ахҭысқәа ртәы зҳәо адокументқәа рырмаӡара ахьрыхнахыз азхаӡом, уи аинформациа "ҳабацәеи ҳабдуцәеи ргәалашәара лазырҟәуа абарҭ ауаа цәыршәагақәа" рҟынӡа инагатәуп. 

"Польша мацара ахақәиҭтәразы ҳара ҳауаа еиҳа ирацәаҩны иҭахеит Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра зегьы аан иҭахаз америкаа раасҭа. Уи медицинатә фактуп. Убри азы ҳабацәеи ҳабдуцәеи ргәалашәара лазырҟәуа,урҭ фырхаҵарала рҭахарақәа ирыӷрагыло, изықәшәаз арыцҳара ду иаӷрагыло, адамра хыла иазырсуа абарҭ агмыгқәа, абарҭ ауаа цәыршәагақәа асоциалтә ҳақәа рҟны рдаҟьақәа рахь абарҭ рҩызцәа анацҳамҭақәа рышьҭырц зегьы срыҳәоит: мшыбзиақәа, пан абригь-абригь, сара сабду дҭахеит Варшавазы, шәареи шәызхылҵызи реиқәырхаразы ҳәа, ахештег  #ВамНеСтыдно ҳәа нацҵаны", - лҳәеит Симониан.

Лара ҷыдала Польша ахада Анџьеи Дуда, аԥыза-министр Матеуш Моравецки, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Павел Иаблоньки Twitter, Facebook, Instagram рҿы рдаҟьақәа рахь Польшеи Освенцими зхы иақәиҭызтәуаз ауаа рҭоурыхқәа ахештег #ВамНеСтыдно ацны ирзырышьҭларц ажәалагала ҟалҵеит.

2020 шықәса алагамҭазы Польша аиҳабыра мап ацәыркит Варшава анацистцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра амш азгәаҭара.

Урыстәылатәи Афедерациаҿы изныкымкәа ирҳәахьан Мраҭашәара Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аҭоурыхи уи алҵшәақәеи еиҭанакырц аҽазышәарақәа шыҟанаҵо. Афедералтә Еизарахь инашьҭымҭаҟны Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа ҭакԥхықәрас ишаду Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡазы аиаша аиқәырхара, уи аҭоурых аицакразы аҽазышәарақәа рҿагылара алшара шакәу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0