АҞӘА, ажьырныҳәа 27 — Sputnik. Акоронавирус ҿыц 2019-nCoV алаҵәара акыр аҽарццакит иҳәеит апресс-конференциаҟны Китаи Агәабзиарахьчара аминистр Ма Сиаовеи, ҳәа аҩуеит РИА Новости.
Агәабзиарахьчара аминистрра ахада иажәақәа рыла акоронавирус 2019-nCoV уаанӡатәи авирусхкқәа SARS, MERS иреиԥшым.
"Иара аԥстәы аҟынтәи ауаҩ иахь аиасра астадиа иахысны ауаҩ иҟынтәи ауаҩ иахь ииасуа иалагеит. Ишаабо ала иара аиасралшара еиҳа-еиҳа аҽарҭбаауеит", - иҳәеит Ма Сиаовеи.
Авирус 30 регион рҟны игәарҭахьеит. 24 миллион ауаа ахьынхо Шанхаи ақалақь аҿы ирҳәеит раԥхьатәи аԥсыҭбара ҟалеит ҳәа.
Китаи амчрақәа официалла ирҳәоит авирус ауаҩ иҟынтәи ауаҩ иахь ииасуеит ҳәа. Амедикцәа иара ԥхьаҟа аҽеиҭанакыр шалшо азгәарҭоит.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла 2744-ҩык ирыхьхьеит, 80-ҩык ԥсхьеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Китаи ачымазара ҿкы ҿыц зыхьыз рхыԥхьаӡара 570-ҩык ыҟоуп