Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габлиа: араионтә аолимпидаҿы ахәыҷқәа аԥсуа бызшәазы адырра бзиақәа аадырԥшит

© Sputnik / Томас ТхайцукДмитрий Габлия
Дмитрий Габлия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион акультура аҟәша аиҳабы Дмитри Габлиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьазы араион аҿы ицо амаҭәартә аолимпиада атәы.
Габлиа: араионтә аолимпидаҿы ахәыҷқәа аԥсуа бызшәазы адырра бзиақәа аадырԥшит

Арадио Sputnik Аԥсны ихацнаркит арубрика ҿыц "Мышкы раионк аԥсҭазаара аҟынтә". Уи аҳәаакәа ирҭагӡаны Аԥсны араионқәа зегьы мчыбжьык ахь знык еилаҳкаалоит ақыҭанхамҩа, акультура, аҵарадырра, агәабзиара уҳәа аԥсҭазаара ахырхарҭақәа зегь рыла рнапы злаку аусқәа шцо.

Гәылрыԥшь араион иамшны иазгәаҭоуп аҩаша.

"Гәылрыԥшь араион аҿы абар шьҭа ҩымчыбжьуп ашколқәа рҿы араионтә амаҭәартә аолимпида мҩаԥысуеижьҭеи. Заанаҵы имҩаԥаагахьан ашколтә аолимпиада, уа аиааира згаз иааԥхьан араионтә ахь. Уажәы есыҽны ицоит аиндаҭлара, аҵаҩцәа рдыррақәа аадырԥшуеит. Амаҭәарқәа зегьы хаз-хазы имҩаԥаагоит, алҵшәагьы цәгьаӡам. Иаҳҳәозар, аԥсуа бызшәазы, даара ибзианы, ҳшақәымӷәыӷуаз адыррақәа аадырԥшит ахәыҷқәа. Агәыӷра ҳамоуп ареспубликатә аолимпиадаҿы аԥхьахәтә ҭыԥ анкылара рылшап ҳәа", - азгәеиҭеит Габлиа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0