Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭыжәԥҳа алашара арцәара анырра атәы: ауадақәа хьшәашәоит, аха ҳаԥап, ҳахәмарып

© Foto / Мадина ТужбаМадина Тужба
Мадина Тужба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара ишԥарныруа аҟәатәи ахәыҷбаҳча "Алашара" ааӡамҭацәеи аусзуҩцәеи? Абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ашколқәранӡатәи аҵараиурҭа аиҳабы Мадина Ҭыжәԥҳа.
Ҭыжәԥҳа алашара арцәара анырра атәы: ауадақәа хьшәашәоит, аха ҳаԥап, ҳахәмарып

Ажьырныҳәа 27 инаркны Аԥсны араионқәа зегьы рыҟны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагеит. Уи зыдҳәалоу Џьуартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы агхара иахьаҿу ауп.

"Ҳәарада ауадаҩрақәа цәырҵуеит, аха ҳхы накәыршәаны аус ҳуроуп. Ҳара асааҭ 15:00-17:00 ауп ҳахьаҵанакыз, уи аамҭаз ахәыҷқәа ыцәан иааԥшуеит. Афымцалашара арцәара уи аҟара иаҳныԥшуам уҳәар ҟалоит, ҳара ашьыжь асааҭ ааба рзы афатә аҟаҵара ҳалагоит, ахәыҟаҵара ҳахьӡоит. Ахәыҷбаҳча акыршықәса ахыҵуеит аҟнытә ҩ-сааҭк аҩныҵҟа ауадақәа хьшәашәоит ҳәарада, аха ахәыҷқәа уи рнырыртә ҟаҳҵом, - ҳаԥап, ҳахәмарып, ахәыҷбаҳчаҿы ауп аус ахьаауа", - еиҭалҳәеит Ҭыжәԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0