Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сыҷынааԥҳа ашколтә олимпиадазы: ирнаҭо рацәоуп, аха зхы алазырхәуа маҷҩуп

© Foto / предоставлено Мактиной СичинаваМактина Сичинава
Мактина Сичинава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Мактина Сыҷынааԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы илҳәеит ашколқәа зегьы рҿы ишымҩаԥысуа амаҭәартә олимпиадақәа, уи инаҷыдангьы, абылраҽацәыхьчаратә ԥҟарақәа рзы аурокқәа шымҩаԥысуа.

Арадио Sputnik Аԥсны ихацнаркит арубрика ҿыц "Мышкы раионк аԥсҭазаараҟынтә". Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны мчыбжьык ахь знык Аԥсны араионқәа рахьтә акы алкааны еилаҳкаалоит уа ақыҭанхамҩа, акультура, аҵарадырра, агәабзиара уҳәа аԥсҭазаара ахырхарҭақәа зегь рыла рнапы злаку аусқәа шцо.

Гагра араион иамшны иазгәаҭоуп аԥшьаша.

Сыҷынааԥҳа ашколтә олимпиадазы: ирнаҭо маҷым, аха зхы алазырхәуа маҷҩуп

"Аҵаҩцәа аолимпиада ирнаҭо маҷӡам ҳәа агәаанагара сымоуп, ара ашколтә программа амацара акәым, акласс анҭыҵтәи, иара ашкол аҿы изхымсуагьы адыррақәа рнаҭоит. Акызаҵәык, иахьазы аолимпиада зхы алазырхәуа 500-ҩык инарзынаԥшуа ҳамоуп, аха еиҳазарагьы ҟалоит. Иҟоуп аҵаҩцәа уахь имцо, ма рҭаацәа ирҭахӡам, избанзар Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа рахь иҭалоит, уа ианалгалакгьы, арахь аарагьы рҭахым. Уи аҟнытә акадрқәа ԥыҭк ҳцәыӡуеит ҳәа исыԥхьаӡоит, аха ҵыԥх иалгаз ҳаушьҭымҭацәа реиҳараҩык араион аҟнытә ААУ иҭалеит, уи агәахәа ду ҳнаҭоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Сыҷынааԥҳа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0