Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аргәын Бушев Олег ицхырааразы аукцион алахәхаразы: адунеи аҵыхәаҿ инхогьы илшоит

© SputnikКадыр Аргәын
Кадыр Аргәын  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Олег Бушев ацхыраара иҭараз еиҿкаау аукцион шымҩаԥысуа атәы.

Ауаажәларратә гәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" Олег Бушев ацхыраара иҭаразы агәыҳалалратә аукцион хацнаркит.

Аргәын Олег Бушев ицхырааразы аукцион алахәхаразы: адунеи аҵыхәаҿ инхогь илшоит

"Аукцион иалагеижьҭеи мышқәак ҵуеит, аинформациа зегьы "Кьараз" асоциалтә даҟьақәа рҿы иарбоуп. Иара хыркәшахоит аҭаацәа абри рызхоит ҳәа ианаҳаԥхьаӡалак, макьана иазгәаҭан иҟаӡам хыԥхьаӡарак. Ацыхәтәантәи ахә ари аамҭазы 15 нызқь мааҭ иҟоуп, макьана аукцион цоит. Уи рхы аладырхәырц рылшоит Урыстәыла, Аԥсны, иара убас аҳәаанырцә инхо зегьы, иаҭаху асоциалтә даҟьақәа рҿы ҳаԥшаара ауп. Иара убри адагьы изҭаху имоуп алшара аҭаацәа хаҭала ацхыраара рыҭара. Уи азы аинформациа зегьы асоциалтә даҟьаҿы иарбоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аргәын.   

Аукцион лот заҵәык ауп иамоу – Асида Аҳәԥҳа лнапкымҭа акьанџьа "Клоунесса Аннабель". Аханатәтәи ахәԥса 10 000 мааҭ иҟоуп. Аукцион ашьаҿа – 1 000 мааҭ. Аҭира онлаин имҩаԥысуеит "Кьараз" Instagram, Facebook аҿтәи адаҟьақәа рҟны.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0