Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьопуа Сергеи Хьыбба иԥшаахқәа рзы: амузеи афондқәа дырбеиеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАркади Џьопуа
Аркади Џьопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит асахьаҭыхыҩ Сергеи Хьыбба амузеи ҳамҭас иаиҭаз артефактқәа ртәы.

Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аусзуҩ Сергеи Хьыбба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иаиҭеит XIX-XX ашәышықәсақәа ирыҵаркуа аекспонат ҿыцқәа.

Џьопуа Сергеи Хьыбба иԥшаахқәа рзы: амузеи афондқәа дырбеиеит

"Иҳазнеигаз еиуеиԥшым аетнографиатә маҭәахәқәа идырбеиеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи афондқәа. Аҵыхәтәантәи 20 шықәса еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы ииԥшаауаз зегьы еидкыланы иҵәахуан, уажәшьҭа иаамҭоуп ҳәа ианиԥхьаӡа, амузеи аҿы иааганы иҳаиҭеит. Иара XIX-XX ашәышықәсқәа рахь иаҵанакуеит, ҳәарада, аетнографиазы ари аамҭа ижәытәӡатәиуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Ус еиԥш иҟаз амаҭәарқәа амузеи аҿы иҳаман, аха сара зегьы реиҳа иалыскаауеит ашәарыцалақәа ашьха ианцауаз, мамзаргьы арахә зыхьчоз алақәа рыхәда иахарҵоз аихатәы хәдахаҵа ацқәа злыҳәҳәоны амузеи аҿы инагаз. Уи зызкыз уи акәын: абнаҿы ақәыџьмеи алеи анеиқәшәоз, ианеибафоз, ақәыџьма ала ахәда амкырцаз, иахьчарцаз иахарҵон. Уи цәгьа сгәы иаахәеит иахьҳауз. Аҩыза шьҭа иахьуԥыхьашәо маҷуп, уи шьҭа аамҭа иагаз маҭәаруп, амузеи аҿы ицәыраҳгауа иҟоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0