Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габалиа аԥсуа милаҭтә конференциазы: ауаҩы игәы ҭызҟьаша афактқәа ӡырган

© Sputnik / Томас ТхайцукДмитри Габалиа
Дмитри Габалиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы Дмитри Габалиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы аԥсуа милаҭтә конференциа ахҳәаа азыҟаиҵеит.

Аҟәа имҩаԥган "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭагылазаашьеи аҿиара аԥеиԥши" захьӡыз раԥхьатәи аԥсуа милаҭтә конференциа. Уи иалахәын аҵарауаа, егьырҭ ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Хра злоу ахҭысқәа: Габалиа амилаҭтә конференциа иазкны

"Ииашаҵәҟьаны ауснагӡатә амҽхак даара иҭбаауп, аусурагьы акыр сааҭ ицон, аха ахы инаркны анҵәамҭа аҟынӡа зхы алазырхәыз среиуоуп. Раԥхьа инаргыланы иазгәаҭатәуп, иара ииашаҵәҟьаны имилаҭтә конференцианы ишыҟоу, иара аиҿкаара, амҩаԥгара уҳәа зегьы рыла арҵага ашәҟы ианыло хҭысуп. Иалыскаар сҭахуп ақәгыларақәа: раԥхьатәи Ҭемыр Ачыгәба итәы, анаҩс адемографиа азҵаара иазааҭгылаз Инга Арӡынԥҳа лықәгылара, иара убас амилаҭтә економика иалацәажәоз Хатуна Шаҭԥҳа лықәгылареи. Анаҩстәи ақәгыларақәа ажәахә хадақәа ауаа ирызцәырнагаз ахәыцрақәа рааԥшра акәын изызкыз, избанзар, ииашахаҭаны, уи схала исҳәар сылшоит, иара убас гәыԥҩык иахәаԥшуазгьы, ихәыцуа ауаҩы игәы ҭызҟьаша афактқәа цәырыргеит, иаахтны иҳарҳәеит", - ҳәа азгәеиҭеит Габалиа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0