"Аԥсны аекзотикатә хаҿсахьа азҭаз аботаникатә баҳчоуп. Ачаи, ахәырма, амушмала, ацитрус уҳәа ашәырхкқәа ҳтәылахь излақәнагалаз ҳботаникатә баҳча иабзоураноуп. Асоветтә аамҭазы Аԥснынтә ирацәаны егьырҭ абаҳчақәа рахь инарышьҭуан асубтропикатә ҵиаақәа. Избанзар Аԥснытәи аҳауа иаҳа ианаалон, аԥхарра ыҟан. Шәачантә Аԥсныҟа уанаауа амҩадуқәа рҿы иуԥыло аҵиаақәа, ҳақалақь аҩнуҵҟа аума, зегьы абаҳчалоуп ишықәнагалаз. Иахьа апальмақәа рколлекциа Аԥснытәи абаҳча аҟара измоу асоветтә ҳәынҭқаррақәа рахьынтә иҟам. Ибеиоуп ҳбаҳча. Ҵыԥх американтәи, венгриантәи иаҳҭан абаҳчақәа русзуҩцәа. Дара даара гәахәарыла ирыдыркылеит ҳбаҳчақәа абеиара, иџьаршьеит. Ҳара ҳалақәа ашьцылеит акәымзар, иара акалашәа иԥшӡоуп. Уи иаауа аԥсшьаҩцәа рыдагьы, аҵарауаа иазгәарҭоит", - ҳәа азгәеиҭеит Гәбаз.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.