Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Берулааԥҳа: усуроуп Самырзаҟан ашкол ашҭаҿы аԥсуа бызшәа ахьуаҳауа

© Foto / Элианора БерулаваЕлеонора Берулааԥҳа
Елеонора Берулааԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алада Барӷьаԥтәи абжьаратә школ аиҳабы, аԥсуа бызшәа арҵаҩы Елеонора Берулааԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит арҵаратә усбарҭаҿы аԥсшәа аҵаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Берулааԥҳа: усуроуп Самырзаҟан инасҭханы ашкол ашҭаҿы аԥсуа бызшәа ахьуаҳауа

Арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны, амҩаԥгаҩцәа есыҽны еилыркаалоит араионқәа рҿы ақыҭанхамҩеи, акультуреи, аҵарадырреи, аспорти рҟны иҟоу аихьӡарақәеи, аҿыцрақәеи, раԥхьаҟатәи рыгәҭакқәеи ртәы. Гал араион иамшны иазыԥҵәоуп ашәахьа.

Алада Барӷьаԥтәи абжьаратә школ аҿы аҵара рҵоит 67-ҩык аҵаҩцәа. 

"Самырзаҟан агәҭа акәым, еиҭа инасҭханы иахьыҟоу ашкол иҭоу ахәыҷқәа зегьы аԥсшәа аҳәашьа ахьырдыруа, аԥсышәала аҭак ахьыҟарҵо, ашкол ашҭаҿы аԥсуа бызшәа ахьуаҳауа, убригьы усуроуп. Ахәыҷқәа абызшәа бзиа ибаны ирҵоит, рызнагара уадаҩуп, хымԥада, аха ирызҵаӡом ҳәа уҳәаргьы иашаӡам, ҳәарада, аԥынгылақәа ыҟоуп. Ахәыҷқәа ирзымдыруа ажәа ҿыцқәа анрызнауго, урысшәалагьы ианырзеилымкаауа ыҟоуп, избанзар аурысшәагьы хьысҳан ирдыруеит. Сара 30 шықәса ҵуеит ашкол аҿы аус суеижьҭеи, ахәыҷқәа аҵара ргәаԥхо-ргәамԥхо еилсыргартә сыҟоуп. Избоит - ҳхәыҷқәа гәык-ԥсыкала ирҭахуп ирҵарц абызшәа, ирцәыуадаҩуп, аха ирҭахуп. Сара зны-зынла аурок санагхо, дара ашә иадгыланы иԥшуп, ҳарҵаҩы дынбаауеи ҳәа. Ирҭахуп ахәыҷқәа аҵара. Арҵаҩы игәы азцозароуп инапы злаку аус, бзиа ибозароуп, игәы ахымшәозароуп. Иахьа ирзеилымкааргьы, уаҵәы еилыркаауеит. Ҳара ишаҳҭаху ирзымҵозаргьы, бзиа ирбоит ҳәа угәы камыжькәа есыҽны аус рыдуулароуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Берулааԥҳа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0