Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагба атәыла ахада иалхрақәа раан алхыҩцәа рхымҩаԥгашьа азы

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Хагба
Беслан Хагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит атәыла ахада иалхрақәа шымҩаԥысуа ҳәа игәаанагара атәы.
Ҳагба атәыла ахада иалхрақәа раан алхыҩ ихы амҩаԥгаразы

"Аҵыхәтәантәи аполитикатә процессқәа Аԥсны убас имаԥысуан, алхыҩ хәыҷык ддырҩашьеит. Алхрахь инеиуа ихымҩаԥгашьа аилкаара даара иуадаҩхеит. Иҭышәынтәалоу аҳәынҭқаррақәа рҿы алхрақәа ҟалаанӡа имҩаԥыргоит асоциалтә ҭҵаарақәа, убра ироуз алҵшәақәа рыла игәарҭоит аиааира зго, аԥыжәара змоу. Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа убас иҟалеит аиԥш зеиԥшу аҭҵаарақәа амҩаԥгара иаԥсаӡам, урҭ рырбагақәа агәрагара даара ицәгьоуп, избан акәзар аполитикатә ԥсҭазаара аидыслара аформа аманы имҩаԥысуеит. Акандидатцәа злаугәаԥхаша акәызаҵәык ыҟоуп: урҭ рхымԥхбьаӡара маҷуп, иҳаҩсыз алхрақәа раан аасҭа. Х-ҩык роуп акандидатцәа иҟоу, ара аӡәы иӷәӷәаны аԥыжәара имоуп, кандидатк аполитикатә ԥсҭазаара далахәын, аппозициатә мчраҿы аԥыза ҳәа дыԥхьаӡоуп, алхарақәа рҿы ирацәаны аԥышәара имоуп. Даҽаӡә иӡбахә ҳҳәозар, ачинраҿ аус иухьеит, аха иаартны аполитикатә усзуҩ ҳәа макьана алхыҩцәа дрымбацт. Алхрақәа рҟынӡа иаанхеит мызкы, уажәы аус злоу закә технологиақәоу акандидатцәа рхы иадырхәо аилкаара ауп, закә программақәоу иаздырхиаз, аха убри аан алхаҩцәа рыбжеиҳараҩык урҭ апрограммақәа ирыԥхьом, избанзар, абжьаратә алхаҩ изы урҭ аилкаара даара иуадаҩуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.            

Аԥсны алхратә комиссиа хада ахадарахьы акандидатцәеи акандидатцәа рхаҭыԥуааи ашәҟәы иҭарҩит. Абри азы аӡбра кьыԥхьуп Аԥсны АКХ асаит аҟны.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 8 инақәыршәаны ашәҟәы иҭагалоуп: Адгәыр Арӡынба, ихаҭыԥуаҩ Арда Ашәба; Аслан Бжьаниа, ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба; Леонид Ӡаԥшьба, ихаҭыԥуаҩ Виктор Ҳашба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0