Арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны, амҩаԥгаҩцәа есыҽны еилыркаалоит араионқәа рҿы ақыҭанхамҩеи, акультуреи, аҵарадырреи, аспорти рҟны иҟоу аихьӡарақәеи, аҿыцрақәеи, раԥхьаҟатәи рыгәҭакқәеи ртәы. Гагра араион иамшны иазыԥҵәоуп аԥшьаша.
"Ари ауадаҩра Гагра араион мацара акәым измоу, иара атәыла зегьы аҟны иҟоуп. Апальма ԥырхага азҭо ахәаҷа иҟанаҵахьоу аԥхасҭа рацәоуп. Сынтәатәи ала ахәшәтәра макьана ҳаламгацт, аҳауаԥхарра 17 рҟынӡа ианышьҭыҵлак, нап аҳаркуеит. Иҷыдоу атехникала ауаҩы аҵиаа агәыцә ахәшә алаиҵароуп. Ус еиԥш аусурақәа мҩаԥгатәуп фынтә. Уадаҩрас иҳамоу - уи азы атехникеи ауааи ҳазхом. Ари аус еснагь знапы ианызаауа аҭахуп. Иҳамоу ақалақь аҿы иҟоу егьырҭ азҵаарақәа рыӡбара иазкуп, атехникагьы усуп. Ахәшәқәа рызҵаара аганахьала уадаҩрак ҳәа акгьы иҟаӡам, ақалақь ахадара ҳаиқәнаршәоит", - ҳәа азгәеиҭеит Џьниа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.