Шәача дааныркылеит анаркотикқәа змаз Аԥснытәи арԥыс қәыԥш

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЧеловек в наручниках
Человек в наручниках  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анаркотикқәа ахатә хархәаразы исымоуп ҳәа иҳәеит иаанкылаз, аха амаҭәашьар акапан азхеит ари арԥыс иганахь ала ашьаус хацыркызарц.

АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik. Шәача ақалақь аҿы дааныркылеит асентетикатә наркотикқәа змаз Аԥснытәи арԥыс қәыԥш ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи атранспорттә усбарҭа апресс-маҵзура.

2002 шықәса рзы ииз арԥыс аполициаа дааныркылеит "атранспорттә инфраструктура аобиектқәа" руак аҿы. Игәаҭараан идырбалеит имаҭәақәа ирылаҵәахыз аилаҳәара. Аекспертиза уи асинтетикатә наркотик метилефедрон ауп ҳәа ишьақәнаргылеит.

Анаркотикқәа ахатә хархәаразы исымоуп ҳәа иҳәеит иаанкылаз, аха амаҭәашьар акапан азхеит ари арԥыс иганахь ала ашьаус хацыркызарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0