Тҟәарчал ахада лусурахь лынамышьҭразы аҽазышәара ҟарҵоит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтраны мира. Абхазия
Страны мира. Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаша, жәабран 21 рзы Тҟәарчал ақалақь ахадара аҿаԥхьа еизеит гәыԥҩык атәылауаа. Дара ахыбра аҩналарҭа ашә ршәаҳаит, араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа дықәҵыроуп ҳәа иқәгылеит. Ахада лыдгылаҩцәеи иааизи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит.

АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа ламхразы аҽазышәарақәа мҩаԥысуеит ҳәа адырра ҟалҵеит, лара, Аида Чачхалиаԥҳа лхаҭа.

Ахәаша, жәабран 21 рзы Тҟәарчал ақалақь ахадара аҿаԥхьа еизеит гәыԥҩык атәылауаа. Дара ахыбра аҩналарҭа ашә ршәаҳаит, араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа дықәҵыроуп ҳәа иқәгылеит.

"Сара сыԥсшьарамшқәа нымҵәацт, аха иахьа ара еизаз заанаҵы акциа аҟаҵара рыгәҭаркит, сусурҭа ҭыԥ ахь снарышьҭуам. Дара, аамҭақәак раԥхьа "Амцахара" ахьӡала иааины исықәмақаруаз роуп. Уажәы дара ирывагылоуп аиҳабацәагьы. Ахадара аусзуҩцәа ашәқәа аркны ахыбра аанрыжьыр акәхеит", - лҳәоит лара.

Араион ахадара ахыбрахь инеит Аида Чачхалиаԥҳа илыдгылогьы. Зынӡа шәҩык инарзынаԥшуа ауаа еизаны иҟоуп. Ахада лыдгылаҩцәеи иааизи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит.

"Абри аан аахақәа иоуит араионтә еизара ахантәаҩы Дамир Ӷорзолиа", – лҳәеит Чачхалиаԥҳа.

Администрация Ткуарчала - Sputnik Аҧсны
Тҟәарчал ахада Аида Чачхалиаԥҳа лҭыԥ нлыжьырц "лабжьыргеит"

Уажәы Тҟәарчал инеира иазыԥшуп атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба.

Уажә аԥхьа, ажьырныҳәа 17 рзы Аполитикатә партиа "Амцахара" ҳахаҭарнакцәоуп ҳәа зҳәаз, хҩык аҷкәынцәа, Аида Чачахлиаԥҳа Тҟәарчал ақалақь ахада инапынҵақәа аанбыжьроуп ҳәа илызнеиит.

Дара ирҳәеит Тҟәарчал араион аҿы "Амцахара" ҳахаҭарнакцәоуп ҳәа. Убри аан лнапынҵақәа шьҭалымҵар ишеицәахо азы илықәмақарит. Аида Чачхалиаԥҳа Алхас Кәыҵниа аҭел дизасит. Иара иҳәеит аӡәгьы акгьы инапы ишанимҵаз. Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз Алхас Кәыҵниа иажәақәа шьақәирӷәӷәеит, аӡәгьы усеиԥш дҵа иаҳамҭеит иҳәеит.

Аида Чачахлиаԥҳа ақалақь ахада инапынҵақәа рааныжьра дақәшаҳаҭуп, абри азы атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо аусԥҟа инапы аҵеиҩыр.

Ажәабжьқәа зегьы
0