Акоронавирус венециатәи акарнавал амҩаԥысра иаԥырхагахар ҟалоит

CC0 / / Венециатәи акарнавал
Венециатәи акарнавал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Италиатәи аобласт Венето аҿы ашәҟәы иҭаргалеит 25 хҭыс, коронавирус аганахь ала. Венециа ҩыџьа ауаа ахәышәтәырҭа иҭоуп.

АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Венециа акоронавирус рыхьит ҳәа ҩыџьа ауаа ашәҟәы иҭаргалеит. Абри инадҳәаланы ақалақь анапхгара Венециатәи акарнавал амҩаԥгара мап ацәкра иазыхиоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аобласт ахада Венето Луку Дзаиа иажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵо.

"Ҳара хырԥашьа змам ауснагӡатәқәа ҳадаҳкылароуп", - иҳәоит иара.

Аобласт зегьы аҿы акоронавирус COVID-19 рымоуп 25-ҩык. Венециа акоронавирус рыхьит ҳәа ҩыџьа ауаа ашәҟәы иҭаргалеит.

Венециатәи акарнавал иалагеит жәабран 8 рзы, ихыркәшахараны иҟоуп жәабран 25 рзы.

Аҵыхәтәантәи ахәшьарақәа рыла, Италиа акоронавирус змоу рхыԥхьаӡара шәҩык ирхысхьеит. Ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵхьеит. Ичмазаҩу реиҳарак Ломбардиа иатәуп.

Акоронавирус Китаи ирыхьуеит ҳәа иԥхьаӡоуп 76 000-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0