Шәача амш бааԥсхараны иҟоуп

© Sputnik / Екатерина Лызлова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШәача амш бааԥсхараны иҟоуп
Шәача амш бааԥсхараны иҟоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳазҭалаз амчыбжь азы Краснодартәи атәылаҿацә Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы амшцәгьақәа ҟалоит ҳәа аарыцҳауеит аметеорологцәа.

АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Аҳауагәаҭаҩцәа агәҽанҵара ҟарҵоит Краснодартәи атәылаҿацә Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы амшцәгьақәа ҟалоит ҳәа.

Абри инадҳәаланы Шәача ақалақь анхамҩатә усбарҭақәа рҽазыҟарҵоит.

Жәабран 24 - 25 рзы аԥшацәгьа иазыԥшуп. Аӡиасқәа рҟны аӡы шьҭыҵыр алшоит.

Шәача ауааԥсыреи асасцәеи ирабжьыргоит агәҽанызаара рымазарц, аӡиасқәеи аӡҭарчқәеи рааигәара рыԥсы рымшьаларц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0