Ален Аҩӡба Анталиатәи атурнир далахәхоит

© Foto / Srdjan StevanovicАлен Авидзба
Ален Авидзба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атурнир иалагоит ҳаспортсмен 20-шықәса ихыҵра адырҩаҽны, аха аԥкьаҭасыҩ еиҳа еиӷьны иазиԥхьаӡеит аныҳәамш азгәаҭара аасҭа аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара.

АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Аԥсуа ԥкьаҭасыҩ Ален Аҩӡба Анталиа имҩаԥысраны иҟоу MTA Оpen атурнир далахәхараны дыҟоуп.

"Ари жәларбжьаратә ҩаӡароуп. Ашанс зегьы ирымоуп. Саргьы исылшо ҟасҵоит аиааиразы. Ихадароу ахақәгәыӷроуп", - ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ален Аҩӡба.

Атурнир аатуеит жәабран 25 рзы, афиналтә хәмарра мҩаԥгахоит хәажәкыра 1 азы. Актәи аикәшараан Ален ицықәгыло макьаназ дшьақәыргылам.

Атурнир иалагоит жәабран 25 рзы, ҳаспортсмен 20-шықәса ихыҵра адырҩаҽны, аха аԥқьаҭасыҩ еиҳа еиӷьны иазиԥхьаӡеит аныҳәамш азгәаҭара аасҭа аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара.

Ален Аҩӡба иҳәеит адунеи иреиӷьу аԥқьаҭасыҩцәа жәаҩык рхыԥхьаӡара далахәхарц шиҭаху, Франциатәи иаарту ачемпионат аҟны аиааира игарц. Аԥкьаҭасраҿы дызҿыԥшуа ҳәа иҟоу Хуан Мартин дель Потро (Аргентина) иоуп.

Архивное фото молодого теннисиста из Абхазии Алена Авидзба - Sputnik Аҧсны
Ален Аҩӡба жәларбжьаратәи аԥкьаҭасратә турнир далахәхеит

"Адунеиаҿ иреиӷьқәо ҳәа иршьо Џьокович, Надаль, Федерер ҳәарада исгәаԥхоит, аха Хуан Мартин дель Потро зегьы дреиӷьасшьоит. Ихәмарра астиль сгәаԥхоит", - еиҭеиҳәоит иара.

Аԥсуа ԥкьаҭасыҩ изныкымкәа жәларбжьаратәии урыстәылатәии аиндаҭларақәа рҟны аиааира игахьеит. ATP ареитинг ала 450-тәи аҭыԥ никылоит. 2018 шықәса рзы Тулуза, ITF Futures ачемпионат аҿы аиааира игеит. 2019 шықәса рзы Кремль Ахраҿа агараан асерб Никола Милоевич диҵахеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0