Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арӡынба аинвесторцәа рзы ақәҵара иазкны: шьаҿа бзиоуп Аԥсны амал алагаларазы

© Sputnik / Томас ТхайцукДавид Ардзинба
Давид Ардзинба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аминистрцәа реилазаара аппарат аекономика аусбарҭа аиҳабы Давид Арӡынба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны иатәылауаам аамҭала араҟа анхара азин шрынаҭо аинвестициақәа ралагалара.
Хра злоу ахҭысқәа: Арӡынба аинвестициа алагаларала Аԥсны анхаразы азин атәы

Жәа-миллионк еиҵамкәа аинвестициа аҳасабала Аԥсны иалазгало, ԥшьышықәса атәылаҟны анхара азин иоур ҟалоит даҽа ҳәынҭқаррак атәылауаҩ.

"Аминистрцәа реилазаара ирыдыркылаз ақәҵара атәым ҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа Аԥсны рыҟазаара атәы зҳәо 2016 шықәсазы ирыдыркылаз азакәан иадҳәалоуп. Уи аус ауырц азы иаҭахын анормативтә актқәа. Атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи аинвесторцәа 10 миллион мааҭ еиҵамкәа Аԥсны иаларгалозар, алшара роуеит аамҭала ара анхара. Атәылауаҩра мамзаргьы анхаразы азин уҳәа уахь иаҵанакӡом. Аинвестициа аныҟаиҵалак ишәҟәқәа иманы аекономика аминистррахь днеиуеит, аинвестициатә агентраҟны иқьаадқәа гәарҭоит, ашәҟәы уаантәи иманы дцоит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь, уаҟа Аԥсны аамҭала дынхар шыҟало атәы зҳәо ашәҟәы ирҭоит", - иҳәеит Арӡынба.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0