Урыстәыла АҶА авертолиот аӡы иагаз ашколхәыҷқәа рыԥшаара иадыԥхьалоуп

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчения по поиску и спасению людей, терпящих бедствие на море
Учения по поиску и спасению людей, терпящих бедствие на море - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 25 рзы Шәача ақалақь Лазаревское араион аҿтәи аӡиас Псезуапсе ирсуаз 13-15 шықәса зхыҵуаз ҩыџьа ашколхәыҷқәа аӡы иагеит.

АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Урыстәыла АҶА авертолиот аӡы иагаз ашколхәыҷқәа рыԥшаара иадыԥхьалоуп ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә иатәу Урыстәыла АҶА ахәҭа.

"Асааҭ 7:15 рзы Урыстәыла АҶА аверталиот Ка-32 шьҭыԥрааит. Амшын акваториа амониторинг азухоит. Аԥшаарақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҿы агәыԥқәа рҽеидыркылоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аиқәырхаҩцәа ринформациала амшын ихылеит аԥшааратә акатер. Уаанӡа, 4-5 балл иҟоу амшынцәқәырԥараан амшынгәаҿы аԥшаарақәа рымҩаԥгара алшомызт.

Аиқәырхаратә операциа иалахәуп 154-ҩык.

Аҵх аашаанӡа ахәыҷқәа рыԥшаара мҩаԥысуан.

Ажәабжьқәа зегьы
0