Агәабзиарахьчара аминистрра: акоронавирус иаҿагыло ахәшә аҳауантә ирыларҭәом

© Sputnik / Томас ТхайцукМинздрав Абхазии
Минздрав Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирус аҿагыларазы аҳауантә ахәшә рыларҭәоит ҳәа ауҳәансҳәан гәарлеит асоциалтә ҳақәа рҿы хәажәкыра 17 рзы.

АҞӘА, хәаәкыра 17 – Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус аҿагыларазы аҳауантә ахәшә рыларҭәоит ҳәа ауҳәансҳәан аҿаԥҽуа иазгәанаҭеит, уи феикуп ҳәа.

Уаанӡа асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵит аинформациа хәажәкыра 17 асааҭ 23:00 инаркны хәаәкыра 18 асааҭ хәбанӡа вертолиотла адезинфекциа ҟарҵараны иҟоуп ҳәа.

"Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура аҳәамҭа ҟанаҵоит ари аинформациа иарбанызаалак ҵаҵӷәык амам ҳәа", - рҳәоит аусбарҭаҿы.

Хәажәкыра 14 рзы Аԥсныҟа иааит раԥхьатәи агуманитартә цхыраара, акоронавирус аҿагыларатә хархәагақәа. Урҭ рыхәҭак гәылрыԥшьтәи адиспансер ахь инарышьҭит.

Гәылрыԥшьтәи адиспансер аҿы 20 палата акоронавирус зыхьуа рзы ирхиахоит - Sputnik Аҧсны
Гәылрыԥшьтәи адиспансер аҿы акоронавирус зыхьуа рзы 20 палата рхиахоит

Иара убасгьы Аԥсны иаиураны иҟоуп агуманитартә цхыраара амедперсонал акоронавирус рацәыхьчаразы. Уаанӡа арахь иааргахьеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" иқәыргылахо атепловизор.

Ареспублика аҩныҵҟа акоронавирус алаҵәара аԥкразы акультура-массатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара хәажәкыра 12 инаркны иаанкылоуп, ашколхәыҷқәа аԥсшьарамшқәа рыҭоуп.

Хәажәкыра 14 раахыс иаркуп Аԥсныи Қырҭтәылеи рҳәаа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0