Олег Бушев иан Урыстәыла атәылауаҩшәҟәы лоуит

© Foto / Андрей ИгловПаспорт РФ
Паспорт РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уажәазы Светлана Бушева аҽҭаҩра азҵаара аӡбара дашьҭоуп, уи ада лԥа Олег Урыстәыла атәылауаҩра ирҭом.

АҞӘА, хәажәкыра 18– Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Светлана Бушева, 19-шықәса зхыҵуа, згәы ԥсахтәны иҟоу Аԥснытәи арԥыс Олег иан Урыстәыла атәылауаҩшәҟәы лоуит. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит Светлана лхаҭа.

"Иацы атәылауаҩшәҟәы соуит. Аметро сҭаланы сахьцоз агәырӷьаратә лаӷырӡқәа сырхәаҽуан. Ас ирласны исыздырхиап ҳәа сыҟамызт", - лҳәоит лара.

Уажәы Светлана Бушева аҽҭаҩра дашьҭоуп, уи ада Олег Урыстәыла атәылауаҩра ирҭом.

"Олег атәылауаҩра иоуразы арзаҳал аналасҵо џьара сҭаҩзар ауп. Исымазар ауп Урыстәыла атәылауаҩ итәылауаҩшәҟәы. Ԥхынгәымзазы сҩыза сҭалҩыр лылшоит аха ҳара аамҭа ҳацәмаҷуп. Уажәы аҽҭаҩра ахьалшаша сашьҭоуп аԥшаара. Уи акыр иуадаҩу усуп", – лҳәоит Светлана Бушева.

Олег Бушев - Sputnik Аҧсны
Олег Бушев ицхырааразы аукцион хацыркхеит

Аԥсны инхо Олег Бушев игәы ԥсахтәхеит, аха иара Урыстәыла атәылауаҩра имамызт. Иҟаҵаз ацхыраарала иара анхараз азиншәҟәы иҭан, уи ашьҭахь амедицинатә полис иоуит, иарала хәыда-ԥсада аполиклиникақәа рҟны иахәҭаны иҟоу ацхыраар ирҭалоит.

Уажәшьҭа Олег ИННи СНИЛСи иоуеит. Ари цхыраара дууп. Анализқәа реиҳарак хәыда-ԥсадахоит Олег изы.

19-шықәса зхыҵуа Олег – Аҟәатәи аиндустриалтә коллеџь дастудентуп.

2019 шықәса лаҵарамзазы игәабзиара шьақәҟьеит. Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы игханы ица ихьуеит ҳәа адиагноз ықәдыргылеит, ииашамкәагьы ихәышәтәра мҩаԥыргон.

Аамҭақәак рышьҭахь ауп ианышьақәдыргыла иара игәы акыр иазҳаны ишыҟаз, дилатационнаиа кардиомиопатиа шимаз.

Иара ара ихәышәтәра залшомызт. Бакулев ихьӡ зху Аинститут аҿы агәаҭара дахыжьын. Уа угәы ԥсахтәуп рҳәеит, аха иара Урыстәыла атәылауаҩра ахьимамыз азы асеиԥш аоперациа аҟаҵара ҟаломызт.

Аҭагылазаашьа адгылара арҭеит усҟантәи атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа.

Олег Бакулев ихьӡ зху ахәышәтәырҭаҿы аҽыхәышәтәра даҿуп. Иҭагылазаашьа акыр еиӷьуп. Ус шакәугьы, игәы аԥсахра азҵаара макьаназгьы ишықәгылац иқәгылоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0