АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны асанитар ҳақьым хада Лиудмила Скорик иҵабыргым ҳәа ахылҳәааит Гәылрыԥшьтәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Зураб Ачба Аԥсны ареспубликатә хәышәтәырҭа иадҵаалаз ачымазцәа руаӡәы акоронавирус иеиԥшу асимптомқәа лыман ҳәа иҟаиҵаз адырра.
"Сара исзеилкааӡом Зураб Ачба абас еиԥш алкаақәа ҟаиҵарц азы ҿарԥас имоу. Азин изҭада абри аҩыза адиагноз ақәыргыларазы? Ачымзаҩ хаҭала дидикылама? Ари дезинформациоуп, ҳауаажәлари ҳмедицинатә усзуҩцәеи "рыршәра" иаҩызоуп. Зыӡбахә ҳамоу аҳақьым ииҳәаз аганахьала Апрокуратура хадахьы ҳашшыр ҟалап ҳәа сгәы иаанагоит", – ҳәа ацылҵеит лара.
Скорик лажәақәа рыла, Ареспубликатә хәышәтәырҭа иадҵаалаз ачымазаҩ акоронавирус асимптомқәа лыдбалоуп ҳәа лара лахь адырра аӡәгьы инаимышьҭӡеит.
"Ус акә, егьыс акә, аҳақьымцәа зегьы ршьапы иқәгылоуп, рмаҵураҭыԥқәа рҟны аус руеит. Аԥсны узыцәшәаша аҭагылазаашьа ыҟам. Доусы инапы иану афункциақәа наигӡоит ишахәҭоу еиԥш", – лҳәеит лара.
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Аусбарҭабжьаратә штаб ахаҭарнак Алиса Арӡынԥҳа иазгәалҭеит Ачба ианҵамҭаҿы зыӡбахә иҳәаз ачымазаҩ лсимптомқәа акоронавирус аан ицәырҵуа ишреиԥшым.
"Аԥҳәызба уажәы раԥхьаны акәӡам ахәышәтәырҭа данаадҵало. Лаб аимҳәацәгьа ихьны дыҟоуп азы ларгьы ашәарҭа иҭагылоу дреиуоуп. Уажәазы даҽа проблемакгьы лызцәырҵит – апыхә акьыл лымоуп. Лыхәра ишақәнагоу еиԥш илзымрыцқьеит аҟынтә ихымжьыжькааит, убри аҟнытә лымцашоура халеит 37,5 рҟынӡа. Аинфекциатә хәышәтәырҭахь дахьырышьҭыз зыдҳәалоу акоронавирус азы агәҩара ҟалеит азакәӡам. Лара лхы гьежьуамызт, дыхьҭшьуамызт, аиԥхьышьшьаара лымамызт – даҽакала иаҳҳәозар, ари аинфекциа иацу асимптомқәа акгьы лхы иадлымбалеит", – лҳәеит Арӡынԥҳа.
Аԥсны акоронавирус аҽацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аԥҵоуп
Лара иацылҵеит убасгьы, ахирургцәа иҷыдоу ацхыраара лыҭаны аԥҳәызба аҩныҟа доурыжьҭит ҳәа.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Аԥсны акоронавирус зыхьуа ҳәа аӡәгьы далкааӡам.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҵарауаа ишьақәдыргылеит акоронавирус аинкубациатә аамҭа
- Асанитартә ҳақьым хада: Аԥсны акоронавирус ашьҭамҭа ыҟам