Валери Бганба Аԥсны ахада иалхрақәа рҿы ибжьы аиҭеит

© SputnikИсполняющий обязанности Президента Республики Абхазия Валерий Бганба проголосовал на выборах
Исполняющий обязанности Президента Республики Абхазия Валерий Бганба проголосовал на выборах - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа ирылагеит ашьыжь асааҭ 08:00 рзы атәыла аҩнуҵҟа алхырҭатә ҭыԥқәа 152 рҟны иара убас анҭыҵ – ақалақьқәа Москвеи Черқьесски.

АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо аԥыза-министр Валери Бганба Гагра абжьыҭара мҩаԥигеит. Иара алхырҭатә ҭыԥ ахь дааит, иаартуижьҭеи сааҭкгьы мҵыцкәа.

Иахьа Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа мҩаԥысуеит. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартуп Аԥсны зехьынџьара, иара убас ақалақьқәа Москвеи Черқьесски рҟны. Абжьыҭара мҩаԥыслоит 20:00 сааҭ рҟынӡа.

Аԥсны ахадарахьы иқәгылоуп хҩык акандидатцәа: Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа, Леонид Ӡаԥшьба.

Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0