Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәакәасқьыр алхрақәа рзы: алҵшәа иаԥырхагахаша ҳәа ҽыԥныҳәа ӷәӷәа алхратә комиссиаҿы иҟам

© Фото : предоставлено Вячеславом КокоскирВячеслав Кокоскир
Вячеслав Кокоскир - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алхратә комиссиа хада алахәыла Виачеслав Кәакәаскьыр арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы анаркха ашьҭахь алхратә комиссиаҿы абыжьқәа рыԥхьаӡара аус шцоз атәы.

Аԥсны Алхратә комиссиа хада алхрақәа ирызку раԥхьатәи аофициалтә еихшьалақәа ҟанаҵеит. Урҭ инарықәыршәаны, аиааира игеит 56% абжьы зауз Аслан Бжьаниа ҳәа Жәларбжьаратәи апресс-центр аҟынтә адырра ҟаҵеит АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

Кәакәасқьыр алхрақәа рзы: алҵшәа иаԥырхагаша ҳәа ҽыԥныҳәа ӷәӷәа алхратә комиссиаҿы иҟам

"Ацентратә алхратә комиссиа алахәылацәа зегьы иаха алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы рҟынтә апротоколқәа ҳарзыԥшын, алхрақәа бжьаратәи рлыҵшәа рылаҳәара азин ҳамаӡам уи ада. Асааҭ хԥа рзы зегьы ааган, иԥхьаӡаны иазгәаҭан. 111 нызықьҩык алхыҩцәа рахьынтә 95100-ҩык алхрақәа рхы рыладырхәит. Ари 79% артщоит алхыҩцәа зегьы рсиа аҟнытә. Уи хыԥхьаӡара ҳаракны иԥхьаӡоуп. Алхрақәа ахьынӡацоз ҽыԥныҳәа ӷәӷәа ыҟамызт, аҵыхәтәантәи алҵшәа иаԥырхагахаша ҳәа. Уаҵәы ҳазыԥшуп Аԥсны анҭыҵ алхырҭатә ҭыԥқәа рҟынтә апротоколқәа, убасҟангьы аҵыхәтәантәи алҵшәақәа рылаҳәахоит ауааԥсыра. Анаҩс мызкы ашьҭахь, иалху атәыла ахада зинла инапынҵақәа нап диркуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәакәасқьыр.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0