Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагба ахада иалхрақәа рзы: акандидатцәа руаӡәк ихымҩаԥгашьа аполитикатә культура ҳаранакит

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Ҳагба
Беслан Ҳагба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы Аԥсны аполитикатә хҭыс хада амҩасшьа ахәшьара аиҭеит.

Алхратә комиссиа хада иҟанаҵеит актәи аихшьалақәа. Аԥсны иацы имҩаԥысыз аиҭалхрақәа рҿы Аслан Бжьаниа 53 741 бжьы иоуит. Аԥсны ахадарахьы иқәгылаз акандидат Адгәыр Арӡынба - 33 786  бжьы.

 

Ҳагба алхрақәа рзы: акандидатцәа руаӡәк ихымҩаԥгашьа аполитикатә культура ҳаранакит

"Ари еиԥш ахымҩаԥгашьа угәаԥхаратәы иҟоуп. Аҵыхәтәаны аполитикатә процессқәа убас имҩаԥысуан еибархханы, ас еиԥш акандидат хадацәа руаӡәк ихымԥагашьа удукылартә иҟоуп. Абра иазгәаҭатәуп даҽакгьы, Адгәыр Арӡынба раԥхьатәи аполитикатә хҭыс дуӡӡа ихалархәра даараӡа ибзиоуп ҳәа ахуҳәаартә иҟоуп. Адебатқәа шымҩаԥысыз, ихы шәцәыригаз, аицәажәарақәа шымҩаԥигоз, абарҭ зегьы аполитикатә культура ҳаранакит, иргәаԥхеит алхыҩцәагьы. Аха ари ала ахҭысқәа зегьы хыркәшоуп ҳәа ҳазҳәом, аполитикатә алхрақәа Аԥсны имҩаԥысуеит иҷыдоу аҟазшьақәа рыманы, убри иахҟьаны уажә азҵаарақәа рацәаны ицәырҵуа иалагоит хара имгакәа, убарҭ рызегьы ӡбашьас ирымоу - убри ауп ажәлар рхада иҿаԥхьа иқәдыргыло", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.    

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0