Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит амедицинатә сабрадақәа рзы аҳәынҭқарратә ҿаҵатәы шынарыгӡо

© Foto / фото от Сусана Садзба Квициния Лолита
Квициния Лолита - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амедициантә сабрадақәа рганахьала аҳәынҭқарратә ҿаҵатәы шаҟа рымоу, ҽнак шаҟа рӡахуа уҳәа ртәы еиҭалҳәеит арадио Spuitnik аефир аҟны Аҟәатәи амодақәа рыҩны аусзуҩ Лолита Кәыҵниаԥҳа.

 

Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит амедицинатә сабрадақәа рзы аҳәынҭқарратә ҿаҵатәы шынарыгӡо

"Аҳәынҭқарратә ҿаҵатәы ҳаман ԥшь-нызқь рҟынӡа (амедицинатә сабрадақәа - аред.). Аԥхьа ҳаналагоз 1500 цыра аҿаҵатәы ыҟан алхрақәа рҟны рхы иадырхәарц, уи ашьҭахь 2500 цыра ӡахны иҳашьҭит аҳәаахьчаҩцәа рахь. Уажәы аҳәынҭқарраҟынтәи иахьазы 2 нызқь цыра аҿаҵатәы ҳамоуп, аӡахра ҳаҿуп урҭ, ахәышәтәырҭақәа рахь ирышьҭуеит. Акасыш ҿаршәқәа ҳазҿу рхаҭабзиара атәы ҳҳәозар, ибзиоуп. Дара знык ухы иархәаны икаумыжьыр ауеит, аба цқьа иалҳхуеит, ҩба-хԥа сааҭ ухы иаурхәар ҟалоит, уи ашьҭахь иӡәӡәаны ухы иаурхәар ҟалоит. Ҳара иаҳӡахуеит ҩбаны, хԥаны, ԥшьбаны еиқәу акасыш ҿаршәқәа. Иахьазы ари аус рнапы алакуп 30-ҩык рҟынӡа аӡахыҩцәа, мышкы 30-40 цыра рҟынӡа уӡахуеит. Ихәыҷушәа убоит, аха аамҭа маҷымкәа иагоит", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

 

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0