АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik. Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит, Аԥсны анефт аҭаҵәахқәа ыҟазар, уи аҵхра алыршазар ауеит ҳәа, иахәҭоу аекологиатә ԥҟарақәа ирықәныҟәаны, ауаа реизҳазыӷьара хықәкыс иҟаҵаны.
"Сара сгәаанагара абас иҟоуп: аҳәынҭқарра абас еиԥш алшара амазар, ауааԥсыра реизҳазыӷьаразы ахархәара аҭатәуп. Еилкаау усуп, ҳаԥсабара ҳаиҷаҳалар шакәу, аха арацәаӡқәа рыҵхреи аԥсабара ахьчареи – иааибуа усқәоуп иахьатәи ҳаамҭазы, ирацәоуп аҳәынҭқаррақәа уи азы ҿырԥшыс иугаша. Атәыла ауааԥсыра ринтересқәа роуп раԥхьаӡа иргыланы ҳзызхәыцша. Абарҭ апринципқәа ирықәныҟәаноуп апроектқәагьы шынагӡахо. Даҽакала ҟалашьагьы амаӡам ҳара ҳҿы", – иҳәеит Бжьаниа ТАСС иаиҭаз аинтервиу аҟны.
Иара ажурналистцәа иргәалаиршәеит шықәсқәак раԥхьа Аԥсны ашельф аҟны урыстәылатәи аилахәыра аус шауаз, аха нас "Аԥсны аполитикатә мчқәак ари апроект иаҭахым акоуп ҳәа аусқәа ҳәаақәырҵеит".
"2015 шықәсазы иаԥҵан апарламенттә комиссиа, аха уи акгьы иазымааит. Уи моу, 2019 шықәсазгьы ари азҵаара аҭҵааразы апарламенттә комиссиа аԥҵан. Уи аҩбатәи аусураҿы иззааизгьы ҳәа акгьы сыздырӡом. Убри аҟнытә ари аус инҭырҳәцааны иҭысҵаароуп, ииашам ак сымҳәарц, ма иҟасымҵарц азы", – иҳәеит ахадас иалху.
Анефт аҵхра атема шьҭыхын Аслан Бжьаниа ахадарахьы данцозтәи ителехәаԥшратә интервиу аҟны. Абри азҵаара далацәажәауа иара иазгәеиҭеит, ианакәызаалак аспециалистцәеи адокументқәеи шракәу зыгәра иго. Аԥсны анефт аҵхра азҵаара аныӡбахо амчра ажәлар рҟынтә азыразра анроулак ауп иҳәеит Бжьаниа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсны анефт аҵхра азҵааразы акомиссиа аусура ацҵаразы Апарламент иаҳәоит
-
Асҭамыр Ҭарба ахҳәаа азыҟаиҵеит Жәлар Реизараҿы излацәажәоз анефт азҵаара