Москваа аҩнтәы режим ақәныҟәара рыдҵоуп

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСотрудник полиции Управления министерства внутренних дел Российской Федерации (УМВД) по городу Тамбову у служебного автомобиля.
Сотрудник полиции Управления министерства внутренних дел Российской Федерации (УМВД) по городу Тамбову у служебного автомобиля. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арежим иаанагом Москва алалареи алҵреи ҟалом ҳәа уи иаанаго мзызда ақалақь аҩныҵҟа анеиҭаҵ-ааиҭаҵра ҟалом ауп.

АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Хәажәкыра 30 инаркны, рықәра иахьмырԥшыкәа москваа аҩнтәы режим ақәныҟәара рыдҵоуп ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахада Сергеи Собианин исаит.

"Уаҵәы, хәажәкыра 30 инаркны, рықәра иахьмырԥшыкәа москваа аҩнтәы режим ақәныҟәара рыдҵоуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҩны адәылҵра азин ыҟоуп:

  • амедицинатә цхыраара ада ԥсыхәа аныҟам
  • усурахь умнеир амуаны ианыҟоу;
  • ааигәатәи адәқьан ма аԥҭекахь анеираан;
  • аҩнтәы ԥстәқәа адәахьы рдәылгараан (аҩны 100 метрак рыда иацәыхарамкәа);
  • абзазаратә гәамсам адәылгараан.

Аусурҭа змам москваа мшаԥы 1 инаркны арегионалтә компенсациа роулоит (19 500 мааҭ).

Москва аоперштаб адҵа ҟанаҵоит Подмосковие ауааԥсырагьы рыҩнқәа аанырмыжьлар шакәу азы.

Иахьазы Москва акоронавирус змоу рхыԥхьаӡара зықьҩык иреиҳауп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0