Раԥхьатәи агәҽанҵарақәа: аҭагылазаашьа ҷыда еилазго рхылаԥшра дырӷәӷәоит

© SputnikГенеральная прокуратура республики Абхазия
Генеральная прокуратура республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 25 инаркны Аԥсны иалагалан акоронавирус аламырҵәаразы аԥкратә усмҩаԥгатәқәа, хәажәкыра 28 инаркны атәылаҿы ишьақәыргылан аҭагылазаашьа ҷыда.

АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Апрокуратура хада, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Асанитар-епидемиологиатә маҵзура, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра атәылаҿы иалагалаз аҭагылазаашьа ҷыда аԥҟарақәа ауааԥсыра иахьынӡанарыгӡо игәцаракны хылаԥшра арҭалоит, уи еилазгақәаз раԥхьатәи агәҽанҵарақәа рырҭеит, абри атәы аарыцҳауеит Апрокуратура хада асаит аҟны.

"Аҭагылазаашьа ҷыдазы адҵа анагӡашьа иахылаԥшуаз Аҟәа ақалақь апрокуратура агәҽанҵарақәа рырҭеит агәырӷьаратәи егьырҭи аусмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥырго азалқәа рнапхгаҩцәа, урҭ азакәанԥҵара еиларымгаларц азы", - аҳәоит адырраҭараҟны.

Апрокуратура хада апресс-маҵзураҿы Sputnik акорреспондент иарымҳәаӡеит иарбан азал напхгаҩцәоу агәҽанҵарақәа зыҭаз, иагьазгәарҭеит апрокурортә гәаҭарақәа уажәоуп ианалаго, егьырҭ агәырӷьаратә залқәагьы агәҽанҵарақәа рырҭараны ишыҟоу.

Апрокурор хада Адгәыр Агрба идҵаҟаҵара инақәыршәаны, азинеилагаҩцәа рганахьала ианаамҭоу апрокурортә хылаԥшра, агәҽанҵарақәа, ақәиҭымтәрақәа ҟалароуп, иара убас административтә зинеилагарақәа рзы ашьаусқәа хацыркызароуп.

Акоронавирус аламырҵәаразы имҩаԥырго аусурақәа ртәы шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0