АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны аусзуцәа аофис аҟынтәи аҩнытә режим ахь русура иианагеит.
"Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит ҳусзуцәеи, урҭ рҭаацәарақәеи, ҳауаажәлари рҿаԥхьа иҳаду аҭакԥхықәра акоронавирус алаҵәара ашәарҭара аныҟоу аамҭазы. Убри азы аофис аанҳажьит, ҳусзуҩцәа аҩнынтәи аус руеит, ус иҟазаауеит шаҟа аамҭа аҭаххозаалакгьы. Убри алагьы аӡәгьы шәарҭарак дҭаҳаргылом. Асеиԥш аусура аиҿкаара мариамызт, аха анагӡара ҳалҳаршеит", - иҳәеит Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Руслан Бганба.
Аредакциатәии аҭыжьратәии процессқәа аамҭа рацәак иадмырхалакәа еиҿкаан ҳәа азгәеиҭеит Бганба.
"Иҟалап ҳаԥхьаҩцәеи ҳзыӡырыҩцәеи ари аиҭакра зынӡа ирызгәамҭазаргьы. Ҳара ҳусура ашәымҭак акәзаргьы ишьақәымҟьеит. Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ажурналистцәа, аредакторцәа, атехникатә усзуҩцәа. Урҭ иаадырԥшыз аҽеиҿкаашьеи аццакреи зегьы рзы иҿырԥшыгоуп. Ахыԥхьакра ҳара ҳзы мчыла иҳазцәырҵыз, нҵәара зқәым ԥсшьарамхеит, уи ҳзышьцылахьоу, ҳхи-ҳаԥси заҳҭо усурахеит. Иара убасгьы ҭабуп ҳәа расҳәоит иаҳзааигәоу ауаа, ҳҭаацәарақәа, урҭгьы рыбзазара ҳара ҳусура иахьырԥшны еиҭаркыр акәхеит", - иҳәеит иара.
Бганба ажәабжьаԥҵаҩцәеи (аниусмеикерцәа - аред.) аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи рахь аҳәара ҟаиҵоит иазхәыцларц ажурналистцәа ахыԥхьакраҿы иахьыҟоу русуратә ҭагылазаашьа шымариам, ианаҭаххалак, урҭ реилкаареи рыдгылареи аадырԥшларц.
"Ҳара зегьы ҳажәлар ирзеиӷьу аус ауп еицыҟаҳҵо. Аоперативтә зыҳәақәа хырҩа рышәымҭалан, рҭакқәа гәыԥжәарада иҟашәҵала. Абри аамҭа уадаҩ азы ҳара-ҳара ҳада ԥсыхәа ҳамам, ҳаибашаҭароуп, ҳаицхыраароуп", - иҳәеит Бганба.
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра макьана ҳтәылаҟны акоронавирус зыхьыз ҳәа аӡәгьы дшьақәнамыргылаӡацт. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыда арежим алагалоуп, уи акоронавирус атәыла алаҵәара алмыршаразы ишьақәыргылоуп.
Амаҵзура Sputnik аглобалтә медиаџьармыкьаҿ аусура хацнаркит 2014 шықәса абҵарамзазы.
Sputnik адунеи аҿтәи аредакциақәа зегь рҿы аус шыруц ируеит. Амаҵзура адунеи атәылақәа 34 рықалақьқәа 130 рҿы иамоуп ахатә мультимедиатә пресс-центрқәа, асаитқәа рзы иаԥнаҵоит аексклиузивтә контентқәа, имҩаԥнагоит арадиодырраҭарақәа.
LiveInternet адыррақәа рыла, 2019 - 2020 шықәса ажьырныҳәамзазы Sputnik асаитқәа раудиториа 64 миллионҩык инаӡон.
Акоронавирус аҿагылара иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Бганба Sputnik Аԥсны "аклонқәа" рзы: мзызс иҟоу ҳахьеицырдыруоуп