Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Беслан Аршба еиҭеиҳәеит Уақәымаа рыбзазашьа атәы

© Foto / от Беслан АршбаБеслан Аршба
Беслан Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион Уақәым ақыҭа ахада Беслан аршба арадио Sputnik аефир ала арубрика «Раионк аԥсҭазаараҟынтә» еиҭеиҳәеит ақыҭауаа рыбзазашьа атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аршба Уақәым ақыҭа абзазашьа атәы

"Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иҟоу зегьы ирдыруеит (акоронавирус алмырҵәаразы аԥкрақәа - аред.), аха анхацәа хәыҷы-хәыҷ аусура иаҿуп, рыҩнқәа рааигәа идрыцқьоит. Ақыҭаҟны ашәаӡыӡара ыҟам, ргәалаҟазаара хәыҷык иҽеим, аха акагьы аурым. Ақыҭаҟны иҟоуп амбулаториа, хәҩы-фҩы аус руеит, макьаны иакәым ҳәа акагьы ҳмаҳацт Анцәа ила. Ҳамҩақәа хар рымам, афымцалашара ашьаҟақәа ԥсахуп. Уақәым ақыҭа дуқәа иреиуоуп 580 ҭӡы рҟынӡа нхоит, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа хәыҷык иаҳа иагхеит. Иахьазы ақыҭауаа аиҳарак арасала рхы ныҟәыргоит 500 инаркны ҩ-нызқь шьаҭа рҟынӡа змоу ыҟоуп. Аԥсны аинвестпрограмма ала 15 гектар рҟынӡа еиҭаҳан, хар амамкәа иҟоуп уигьы. Сынтәала ақыҭауаа ахәшә ҳәа акгьы рзаҳамшацт, ҵыԥх ацхыраара бзианы иҟан. Ацитрус шәырқәа ракәзар, иаҳа амардарахьы инхо- 50 ҭӡы,- ирымоуп. Иҟоуп аметали апластики ирылхны ашәқәеи аԥенџьарқәеи ҟазҵо ҩбаҟа цех, ауҭраҭых ааӡарҭақәа змоу хԥаҟа-ԥшьбаҟа ҩнаҭа", - иҳәеит Аршба.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0