Арежим ӷәӷәа иатәу: ишԥанхо зҽыԥхьазкуа галаа ахҩык

© Sputnik / Томас ТхайцукМилицейский кордон на стационарном пункте госавтоинспекции "Канал"
Милицейский кордон на стационарном пункте госавтоинспекции Канал   - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акарантинтә ҭыԥ быжьҩык ирзырхиоуп Гал, Акультура аҩны ахыбраҿы. Уажәы уа 14 мшы ҳәа иҟоуп Москвантәи иааз хҩык ауааԥсыра.

АҞӘА, мшаԥымза 2 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Москвантәи иааз хҩык галаа 14-мшы акарантин иаҵаркуп. Урҭ ргәабзиара иахашшаауам ҳәа иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз араион ахада ихаҭыԥуаҩ Генрих Ҭыжәба.

Коронавирус  - Sputnik Аҧсны
Нино Хецуриани акоронавирус шлымоу шьақәырӷәӷәоуп

Аԥхьанатә урҭ ахалкра рацәак иақәшаҳаҭымзаргьы уажәазы иеилыркааит асеиԥш еиҳа ишеиӷьу, рҭаацәарақәа рзы ишшәарҭам.

Есыҽны арҭ ауаа амедицинатә усзуҩцәа игәарҭоит. Рхәы наргоит рҭаацәа, рыуацәа, аволонтиорцәа.

"Рыфатә-рыжәтә иагым. Араионтә хәышәтәырҭа асанитарцәа ршоура гәарҭоит. Макьаназ зегь бзиоуп. Аӡәгьы асимптомқәа идбалам", - иҳәеит Ҭыжәба.

Акарантинтә ҭыԥ быжьҩык ирзырхиоуп. Уажәы уа иҟоуп Москвантәи иааз хҩык.

"Аҟәантәи аҭел иасит, хҩык акарантин иаҵарктәуп ҳәа рҳәеит. Дара аҳәааҿы игәарҭеит. Нас дара Ацхыраара ласы амашьынала Галҟа иааргеит. Хазы иалкаау, Акультура аҩнаҿы еиҿкаау акарантинтә ҭыԥ ахь инаргеит. Гал иҟам асасааирҭақәа, асанаториақәа уи иазукша", - иҳәеит Ҭыжәба.

Гал араион ауааԥсыра хҩык аԥсуа тәылауаҩшәҟә ала аҳәаа иахысит, аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы агәаҭара иахрыжьит. Уажәы урҭ 14 мшы акарантин рымоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0