Зегьы ирнаалоз, зегьы ирыцхраауаз: Шьулиа Гәарамиаԥҳа лгәалашәара иазкны

© Foto / Алхас ЧхамалияШьулиа Гәарамиаԥҳа
Шьулиа Гәарамиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭҵаарадырратә библиотека аиҳабы Шьулиа Самсон-иԥҳа Гәарамиа лыԥсҭазааратә мҩеи лыуаҩышьеи дырзааҭгылоит ажурналист, аҵарауаҩ Екатерина Бебиаԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭҵаарадырратә библиотека аиҳабы Шьулиа Самсон-иԥҳа Гәарамиа, лылша акыр ирацәоуп ҳкультура аизҳазыӷьараҿы, ҷыдала лара лнапы злакыз аусхк аҿы. Аԥсҭазаара акыр ахьаақәа шылзаанагахьазгьы, уи лынмырԥшкәа, аҿар реиҵааӡараҿы лхы дамеигӡакәа аус луан, анык, андук, еиҳабык лаҳасаб ала зегьы дырзыҟан. Лара дыздыруаз еснагь лабжьгарақәа ирызҿлымҳан, амҩа иаша иқәылҵон. Аԥҳәыс хатәра, аԥҳәыс ҟәыӷа аԥсабара илыланаҵаз аҟазшьақәа зегьы лара илнаалон, дыздыруаз зегьы патуқәҵарыла илызнеиуан. Шьулиа Самсон-иԥҳа дылгәалалыршәоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, аҵарауаҩ Екатерина Бебиаԥҳа.

Владимир Агрба - Sputnik Аҧсны
Даԥсыуаҵәҟьан, аҳәатәи аҳәашьеи дақәшәон: Владимир Агрба игәалашәаразы

"Шьулиа Самсон-иԥҳа лоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет абиблиотекаҿы раԥхьаӡа аԥсуа милаҭ иреиуаны аусура иалагаз. Аҟәатәи арҵаҩратә институтны иаадыртит, абиблиотекагьы аадыртит убри ашықәс азы. Ленинград абиблиотека иатәу аҵараиурҭа далгеит, убри даналга ашьҭахь ауп 1957 шықәса рзы аусура дрыдыркылартә ианыҟалаз. Аԥсуа сахьаркыратә литература аума, аԥсуа фонд, аԥсуа шәҟәыҩҩра афонд лара днеиаанӡа аӡәгьы даламгаӡацызт. Иааргоз еиҳарак аурыс, ақырҭуа классикатә литература акәын, аԥсуа фонд дазҿлымҳаны аԥҵара иалагаз лара лоуп", - ҳәа азгәалҭоит Екатерина Бебиаԥҳа.

Шьулиа Самсон-иԥҳа, абиблиотека аусзуҩ иаҳасаб ала даара лхы бзианы иаалырԥшит. Анаҩс, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университетны ианыҟала нахыс, лара абиблиотека еиҳабыс дҟарҵеит, акыр шықәса инеиԥынкыланы қәҿиаралагьы амаҵ азылуит.

"Абиблиотека даара идууп, иҭбаауп. Аԥсуа фонд ала далагеит, аха лара иааихмырсыӷьӡакәа абиблиотека напхгара алҭонаҵы убриаҟара илырбеиеит абри афонд, аурыс классика аума, аҳәаанырцәтәи аума, ҿыц иҭыҵуаз алитература зегьы абри абиблиотека иамоур ҟамло убас иқәлыргылеит, ашәҟәқәа рыдагьы, ажурналқәа, агазеҭқәа налаҵаны. Асовет аамҭазы урҭқәа зегьы ирыҵанакуаз бзианы ижәдыруеит, убарҭқәа зегьы реизгара лара лнапы алалкит, лнапхгарала имҩаԥысуан", - лҳәеит Бебиаԥҳа.

Шьулиа Самсон-иԥҳа Гәарамиа, шьҭрала Тҟәарчалтәын. Лара диԥшәмаԥҳәысын еицырдыруаз аҭоурых арҵаҩы, лекторс аус зуаз Антон Адлеиба. Аҭаацәара ԥшӡа аԥҵаны илыман. Екатерина Бебиаԥҳа илгәалалыршәоит Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҿы аҵара анылҵоз, даныстудентыз, анаҩс лекторк лаҳасаб ала аусура даналагагьы, Шьулиа Самсон-иԥҳа дшылзыҟаз, ҟазшьала шаҟа дҟәымшәышәыз, зегьы дшырнаалоз.

"Аҵарадырра акыр дазҿлымҳан, ҳарҭ абиблиотека ҳаныҩналоз лаԥшыла ҳаимдон "дыҟоумашь Шьулиа Самсон-иԥҳа?" ҳәа. Лара деиҳабын, аха лаԥхьа уаҩ дзуԥыломызт, дҿаԥха-ҿаччо днауԥыланы, "иарбан литературоу ишәҭаху?" ҳәа дҳазҵаауан. Дхәыҷума, ддуума, дыстудентума, абиблиотека иныҩналаз зегьы дахьрыцхраара дашьҭан. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет абиблиотека аусзуцәа уамак ала ибзиоу роуп, избанзар лара лышкол иалгаз роуп, лара илааӡаз роуп, лара еидылкылаз роуп", - ҳәа азгәалҭоит аҵарауаҩ.

Витали Амаршьан - Sputnik Аҧсны
Ҳажəлари ҳлитературеи рзы игəы-иԥсы ҭихит: Витали Амаршьан игәалашәаразы

Шьулиа Гәарамиаԥҳа илылаз ааӡареи, акультура ҳараки, адырреи, ахымҩаԥгареи, лдунеихәаԥшышьа аҭбаареи лара илыциит, есааира еихалҳауан лыԥсҭазаараҟны.

"Џьара зҵаарак ҳазцәырҵуама, мамзаргьы аимак-аиҿак иадҳәалаз зҵаароума, хаҭала сара зҿы снеиуаз лакәын Шьулиа Самсон-иԥҳа. Сан дансыԥха аамҭазы, лыҟамзаара хьаа дуны ианысныруаз, сара снеиуан Шьулиа Самсон-иԥҳа лҟны, иагьысҳәон иаартны "сан дыгәхьаазгеит азы шәара шәахь сааит" ҳәа. Ларгьы лнапқәа сыкәыршаны, сан дшысԥылоз еиԥш дысԥылон", - лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшеит Екатерина Гьаргь-иԥҳа Бебиа.

Аԥсҭазаараҟны еснагь зегьы уара ишуҭаху еиԥш ианзыҟамло ыҟоуп. Ицәырҵуеит еиуеиԥшым амзызқәа шьамҭлаҳәра узызуқәо. Усҟан узықәгәыӷуа ауаҩ ҟәыш иажәа акыр иаԥсоуп, акыр игәышьҭыхгоуп, иагьымҩақәҵагоуп. Урҭ реиԥш иҟаз аҟазшьақәа лзааигәан Шьулиа Самсон-иԥҳа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь, Шьулиа Самсон-иԥҳа напхгара алҭеит, адоктортә диссертациазы афольклор еизызгоз Џьульетта Адлеиԥҳа Тҟәарчал инхоз абыргцәа рыҿцәажәара аус аиҿкаара. Екатерина Бебиаԥҳа дрыцын журналистк лаҳасаб ала, авидеокамерала иҭызхуазгьы лара лакәын. Ажурналист илгәалалыршәоит усҟантәи аамҭазы урт амшқәа ирыцыз аԥхарра атәы.

Виктор Кәакәасқьыр  - Sputnik Аҧсны
Ауаажәларратә темақәа ирышьҭаз: Виктор Кәакәасқьыр игәалашәаразы

"Лара дахьааӡаз Гәарамиаа ргәараҭаҟны абыргцәа бзиақәа еизылгеит. Аҵарауаа иҵегьы еицқәаз рацәаҩын. Сархив аҟны сеимдоит, лара лыԥсҭазаара далҵит ҳәа ансаҳа, исымоуп аҩнтәи аҭыхымҭақәа, ихадаратәыз афольклортә ҭыхымҭақәа рнаҩсгьы, ус аҩны амаҵ шылуаз, аишәа шлырхиоз атәқәа. Ҩымшҟа-хымшҟа ҳаҟан, лхымҩаԥгашьа сара схы-сгәаҿы исхамшҭуа инхеит. Ҳзызнеиз лашьцәа ракәын, иналгаз лколлегацәа ҳакәын, дҳабжьагыланы, абарҭ рус маншәалахандаз ҳәа, ачеиџьыкагьы дахагыланы, пату ҳақәылҵеит", - лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшон Бебиаԥҳа.

Шьулиа Самсон-иԥҳа Гәарамиа лыԥсҭазараҟны акыр ауадаҩрақәа дрықәшәеит, лыхшара лыԥхахьеит, уи аҩыза ахьаа цәгьа лцәа иҭалыгӡар акәхеит, агәырҩа даиааир акәхеит, аха ан лгәы шаҟа алшари?!

"Лыҷкәынцәа аҩыџьагьы ирызкны афильмқәа ҟасҵахьеит, аочеркқәа сыҩхьеит, ларгьы хымԥада дналаҵаны. Лыҷкәынцәа руаӡәк "Аидгылара" аиҿкааҩцәа дыруаӡәкын. Иара аибашьра зегьы ихигеит, Мрагыларатәи афронт аҿы дыҟан, уи лара дашьит, дафеит, лара Аҟәа далаханы дыҟан. Аибашьра зегьы ихигеит, аибашьра ашьҭахь амҩатә машәырла дҭахеит. Уи изыскыз афильм ала лыҷкәын иԥсы ҭасҵазшәа илыԥхьаӡон", - ҳәа азгәалҭеит Бебиаԥҳа.

Ацәгьа ахы ҟәыннашьом шырҳәо еиԥш, Шьулиа Гәарамиаԥҳа илзынхаз аҩбатәи лԥа Асҭамыр Адлеиба аамҭаказы Аҟәа ақалақь ахадара напхгара аиҭон, асасааирҭа "Аиҭар" аиҿкааҩцәа дыруаӡәкын, еиҳабыс даман, аха иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Уи аԥхьагьы лмаҭа идунеи иԥсаххьан, Асҭамыр Адлеиба иԥа.

"Лмаҭа, лыхшара рыҟамзаара акыр илныруан, ҩнуҵҟала дашьуан. Шьулиа Самсон-иԥҳа иаҳбац лакәымкәа даараӡа лылахь еиқәны лҽылыԥсахит, аха лара илыцыз аразреи ахаареи ишлыцыз иаанхеит, ауаҩ иахь абзиабара ду шлыцыз иаанхеит. Дыԥхәыс ссиирын, аха лара шаҟа дыссирыз аҟара уи аҟара аԥсҭазаараҟны Анцәа длыдымгылаӡеит, лҭаацәараҿы ахьхьаџьаҳәа дшыҟаз абас деилакшеит", - ҳәа азгәалҭоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист.

Шьулиа Самсон-иԥҳа Гәарамиа, аус лыцызуаз анык, ԥҳак дшылзыҟоу еиԥш дырзыҟан, даргьы акыр илыхӡыӡаауан, аиҳабра, аиҵбра ныҟәыргон.

"70 шықәса анылхыҵуаз илзыскхьаз афильм аҩны архив аҿы исыман. Лколлектив сахьыргәылаԥшуаз амонтаж ҟасҵонаҵы, сгәы сыхьуан, убри аҟынӡа дҟәымшәышәӡа илгәыҵаҳәҳәаны илыман аӡӷабцәа. Убриаҟара хьаас ирымоуп, лықәра акыр днеит, аха абас еиԥш аҭагылазаашьаҟны лдунеи ахьылыԥсахыз, ҳаибаҵәыуартә еиԥш аҭагылазаашьа ахьҳамам, ҳнеиртә, ҳааиртә еиԥш иахьыҟам, аҿкы чымазара иадҳәалоу аԥҟарақәа ҳрықәныҟәоит аҟынтә. Ан иаҳзылҩызаз ауаҩы аҵыхәтәантәи лымҩахь лынаскьагара ахьҳалымшо даргьы ҳаргьы ҳгәы иалоуп", - лҳәеит Екатерина Бебиаԥҳа.

Шьулиа Самсон-иԥҳа лгәыхәтәы ишахәҭаз дахьымӡагәышьеит, аха илааӡаз абиԥара иацызҵаша амаҭацәа бзиақәа лҭынхеит. Иара убас, лара илҭынхеит ажәа ԥха, лҟазшьа ссирқәа ирхылҿиааз ажәлар рыбзиабара. Лгәалашәара лаша есииуа ирыциуеит. Лыхьӡ-лыԥша хашҭра ақәымзааит Шьулиа Самсон-иԥҳа Гәарамиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0