Акоронавирус иахҟьаны Ҭырқәтәыла абаандаҩцәа аамҭала иоурышьҭуеит

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтраны мира. Турция
Страны мира. Турция - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла Апарламент ақәҵара рыдыркылеит коронавирустә ҭагылазаашьа инадҳәаланы аамҭала абахҭақәа рҟынтәи зумҭа хьанҭам абаандаҩцәа аурышьҭырц.

АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Ҭырқәтәыла Апарламент ақәҵара рыдыркылеит акоронавирустә ҭагылазаашьа инадҳәаланы аамҭала абахҭақәа рҟынтәи 90 нызқьҩык абаандаҩцәа аушьҭызарц. Абри атәы аҩуеит амаҵзура Anadolu.

Абри азы апроект адепутатцәа ирыдыргалеит Аиашареи аҿиареи рпартиеи Амилаҭтә ҿиара апартиеи.

Аамҭала иоурышьҭыр алшоит 65 шықәса қәрала ирҭысхьоу, фышықәса еиҵбу ахшара змоу аҳәса – зумҭа хьанҭаны иҟам.

Абаандаҩцәа рхы иақәиҭтәхоит лаҵара 31 рҟынӡа. Абри ашьҭахь ирықәу аамҭа ҭакрала ирхыргоит.

Апандемиа абри аамҭала имтәар, рхақәиҭра аамҭа иацҵахоит.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иахьазы Ҭырқәтәыла авирус рымоуп 61 049-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 1296 –ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа рзы аҵыхәтәантәи адыррақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0