Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аншба онлаин аҵаразы: азныказы ишаҭаху иҟамларгьы, шьаҿа-шьаҿала ишьақәҳаргылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРустам Аншба
Рустам Аншба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵарадырразы жәларбжьаратәи ахәыҷтәы фонд аспециалист Рустам Аншба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит онлаин аҵаратә система алагаларазы аусурақәа рымҩаԥысшьа атәы.
Аншба онлаин аҵаразы: азныказы ишаҭаху иҟамларгьы, шьаҿа-шьаҿала ишьақәҳаргылоит

"Аинтернет ала аҵаратә система ашьақәыргылара ҳаналагоз ауадаҩрақәа цәырҵит, избанзар ирацәоуп атәылақәа алицензиа аахәаны ус еиԥш зыҟны иалазгало, шықәсык аҟынӡа шәыԥшы ҳәа ҳазҳәазгьы ҟалеит уи аҩыза аплатформақәа змоу. Убри аҟынтәи ари аус еилызкаауа Аԥсны иҟоуи егьырҭ атәылақәа рҟынтәи аспециалистцәеи ҳрацәажәеит, иҳаӡбеит Аԥсны иадҳәалоу асистема шьақәҳаргыларц", - иҳәеит Аншба.

Адгур Какоба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Какоба ашколхәыҷқәа рыԥсшьарамшқәа рзы: ҳхы ҳақәиҭуп ҳәа рнапқәа еиужьны имтәароуп

Иара иазгәеиҭеит ус еиԥш арҵаратә система Аԥсны шьаҿа-шьаҿала ишалагалахо, иара аларҵәаразы шаҟа аамҭа аго аҳәара шыуадаҩу.

"Мшаԥы анҵәамҭазы хәҭак шьақәыргыланы ишыҟало ҳбап, анаҩс егьырҭ ахәҭақәа ацаҳҵалап. Иаҳҭахын иаразнак иҟаҳҵарц, аха уи иуадаҩу усуп. Егьа ус акәзаргьы, ахәыҷқәа алшара раҳҭароуп аҵаратә система иадҳәалахарц. Иҟаҳҵароуп, азныказы ишаҭаху иҟамларгьы шьаҿа-шьаҿала ишьақәҳаргылоит", - иҳәеит Аншба.

Мшаԥы 10 рзы Аԥсны аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аҵаратә усҳәарҭақәа рҟны аԥсшьарамшқәа рыҿҳәара иациҵеит ачымазара ҿкы иаҿагыланы ақәԥаразы ауснагӡатәқәа рҳәаа иҭагӡаны. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп хәажәкыра 28 инаркны мшаԥы 20-нӡа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0