"Аиаша ҳҳәозар иахьала хәыҷык аԥсҭазаара цәгьахеит, ҳаԥсыртә ҳаҟоуп ҳҳәом, аибашьраан ҳаиқәхеит. Сгәылацәа ԥшьҩы-хәҩы саргьы адгьылқәа кажьны ҳаҟан алаҵаразы, уажәы ари аамҭа шыҟоу ала арыцқьарақәа ҳрылагеит, ҳзышьцылахьоу џьықәреик лаҳҵароуп. Архьшәашәагақәа иҳазгылоу ҩба-хԥа урҭ ирҭәны иҟан, аха уажәшьҭа ҳнаха-ҩахоит ирҭақәоу. Ҳлақәа ракәзар, хазы ахәы аахәаны акрырҿаҳҵалон, аха ари амзазы ус иауам, ҳаилибакаауа ус ҳааиуеит (дыччоит), аха ҳгәыӷуеит адунеи зегьы иахыкәшаз ачымазара аҵыхәтәа ҟалап ҳәа. Ари аҭагылазаашьаҟны уаҩы ихы ишакәым иныҟәиго збом. Агәылацәа хәылбыҽхала уажәы ҩба-хԥа метра ҳабжьаҵаны ҳнапқәа шьҭаҳхоит аԥсшәа анеибаҳҳәо, ҩнаҭала аиҭанеиааира ҳаҟәыҵит. Иаҳбоит, иҳаҳауеит телехәаԥшрала ирҳәо, агәаанагарақәа анеиԥшым ыҟоуп, аха ҳгәылацәа ари ачымазара иахыччаны, аӡәы ихы ишакәым иныҟәыиго иҟам. Ашьшьыҳәа адәқьан аҟны инеины, досу ирҭаху ахәыҷы аахәаны ицоит. Мызкы-ҩымз рзы акгьы ҳахьуам, аха ироуны ицар, ишыҟало сыздыруам", - иҳәеит Ҳашба.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ҭыжәба Гал аҽыԥхьакырҭа аҟынтә иаушьҭыз рзы: акгьы рыдбаламызт
- Џьопуа: ичмазаҩу уимыхәозар, уаламцәажәан ичымазара