Аԥсны уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус агәаҭараз 14-ҩык атестқәа ирхысит

© Foto / Пресс-служба мэрии Москвы / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛаборатория НИИ скорой помощи имени Н.В. Склифосовского
Лаборатория НИИ скорой помощи имени Н.В. Склифосовского  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирус аламырҵәаразы Аоперативтә штаб ауааԥсыра рахь ҩаԥхьа ааԥхьара ҟанаҵеит аҭагылазаашьа ҷыда аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.

АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Аԥсны уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус COVID-19 агәаҭараз 14-ҩык атестқәа ирхысит, аӡәгьы авирус имам ҳәа аарыцҳауеит Аоперативтә штаб аҟынтәи.

Иара убасгьы иазгәарҭеит уаанӡа акоронавирус змаз рҭагылазаашьа.

"Акоронавирус змоу ҩыџьа рҭагылазаашьа адинамикатә ҟазшьа амоуп. 1925 шықәса рзы ииз ҳпациент ахәышәтәырҭахь ацара мап ацәылкит, лҭагылазаашьа шәарҭам", - азгәарҭеит аштаб аҿы.

Акоронавирус аламырҵәаразы Аоперативтә штаб ауааԥсыра рахь ҩаԥхьа ааԥхьара ҟанаҵеит аҭагылазаашьа ҷыда аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус Аԥсны ицәырҵит мшаԥы 7 рзы. Хәажәкыра 29 рзы Москвантәи иааз Гагратәи ахаҵа идырбалеит. Егьырҭ аҩыџьа аҳәса иара иныруаз роуп.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа рзы аҵыхәтәантәи адыррақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0