Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Берзениа: ақыҭан агәҽанызаара ҳамоуп аҿкы чымазаразы, аха ҳгәы камыжькәа аус ҳуеит

© Foto / Алхас Манаргия Беслан Берзения
Беслан Берзения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион Аҟәарчаԥан аҳаблаҟны инхо, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра Ҭҟәарчалтәи аҟәша аусзуҩ Беслан Берзениа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭан рнапы злаку, ачымазара ҿкы ишазыҟоу.
Берзениа: ақыҭан агәаҽанызаара ҳамоуп аҿкы чымазарзы, аха ҳгәы камыжькуа аус ҳуеит

Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп хәажәкыра 28 инаркны мшаԥы 20-нӡа адунеи аҟны зымхак зырҭбааз ачымазара ҿкы ҿыц акоронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы, уи ҳтәылаҟны алаҵәара алмыршаразы.

"Тҟәарчал араион Аҟәарчаԥан иахьаҵанакуа ҳҽеиҭныԥсахло агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ аҟны аус ҳуеит. Авирус арахь иалалеит ҳәа ԥсахрак аҭагылазаашьаҟны иҟам, макьаназы зегьы маншәалоуп, аха ус агәҽанызаара ҳамоуп. Аусураҟны аҷаԥшьара анаҩс аҩны ҩымш аԥсшьара сымоуп. Ақыҭаҟны уажәы ацәаӷәара саҿуп. Сахьыԥшуа егьырҭ анхацәагьы Аҟәарчаԥан зегьы уск-уск ирҿуп, ацәаӷәара иазхиоуп, ргәы каҳаны иҟаӡам. Ҳҽыԥхьакшәа ҳаҟоуп ачымазара ҿкы аҽацәыхьчаразы, аха ақыҭан аус иаҿуп зегьы сахьыԥшуа", - иҳәеит Берзениа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0