Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Афырхацәа рымҩала: Лиличка Воуԥҳа лҭоурых иазкны

© Foto / Алхас МанаргияРасим Березения
Расим Березения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду иалахәыз Лиличка Воуԥҳа лҭоурых арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит лаҳәшьаԥа Расим Берзениа.
Афырхацәа рымҩала: Лиличка Воуԥҳа лҭоурых иазкны

Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аан игаз Аиааира амш аҟынӡа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы шәазыӡырҩлар шәылшоит аԥсуа ветеранцәа рҭоурых, дара рыуацәеи рҭынхацәеи ргәалашәара аҟнынтә.

Лиличка Воуԥҳа аибашьрахь дцеит хатәгәаԥҳарала, 17 шықәса дшырҭагылаз.

"Аԥхьа Лиличка Баҭым дыҟан, уа азениттә полк аҟны аибашьразы лҽазыҟалҵон, 3-4 мзы ршыҭахь Ҟрымҟа дыргеит, уброуп азенинттә архәҭаҿы дахьеибашьуазгьы. Ахацәа дрыдгылан абџьар лкын. Уи мҩаԥысуаз ажәыларақәа зегьы дрылахәын, иаалырԥшыз агәымшәаразы аҳамҭақәа рацәаны иланашьоуп. Аибашьра анеилга ашьҭахь Москва аус луан, анаҩс Аԥсныҟа данаа ара аҭаацәара далалеит, аха еиразҟымхеит. 1979 шықәсанӡа Тҟәарчал аус луан, аха нас еиҭа Москваҟа дхынҳәит. Аибашьра атәы аиҭаҳәара бзиа лбомызт "изышәҭахызеи!" лҳәалон. Исгәалашәоит, Москвантәи данаалак даара ҳлеигәырӷьон. Сара дахьынӡасгәалашәо ахаҵамԥҳәыс ззырҳәо лакәны дыҟан, леишәалагьы даара дыџьбаран, ҳаҭыр зқәыз ԥҳәысын", - ҳәа дигәалаиршәоит Лиличка Воуԥҳа лаҳәшьаԥа Расим Берзениа.

Лиличка Воуԥҳа лҭоурых иаҳа инарҭбааны шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0