Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Харабуа: Гьечрыԥшь дазусҭазаалакгьы азин имам ус баша абна аԥҟара

© Foto / предоставлено Романом ХарабуаРоман Харабуа
Роман Харабуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҿы иҟоу Гьечрыԥшь ақыҭа ахада Роман Харабуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит абна аԥҟаразы иаԥҵоу аԥҟарақәа ртәы.
Харабуа: Гьечрыԥшь дазусҭазаалакгьы азин имам ус баша абна аԥҟара

Ақыҭа иаланхоит 1200-ҩык. Урҭ рахьынтә 72 ҭӡы аԥсуаа роуп, дара аибашьра ашьҭахь нхара ҳәа иааз роуп. Егьырҭ абжеиҳараҩык ерманцәоуп, мамзаргьы аестон жәларуп ҳәа азгәеиҭеит Харабуа.

"Ҳқыҭа ҭбаауп, абна рацәа амоуп. Асовет мчра аахыс ақыҭа иадын 60 гектар рҟынӡа абна. Аӷәы ахьырхуа аҭыԥ еиқәыршәаны иҟан, ақыҭанхаҩы ианиҭаху убра днеины амҿы илиҩаауан. Амца злеиқәырҵо амҿы иахьа уажәраанӡа илаҳҩаауеит, ахә шьақәыргылан иҟоуп, уи Гагра араион аизара ишьақәнаргылоит. Нас изҭаху дааины игоит. Кубометрк амҿы хышәи бжаки мааҭ иаԥсоуп, ашьапы ишықәгылоу ҳәа иԥхьаӡоуп. Абна иахылаԥшуа дҳамоуп, иара днеины игәеиҭоит, адырга ҷыда аиҭоит, иаҳа иажәу алкааны аԥҟарахьы ириҭоит. Ари аус ибзианы ишьақәыргылан иҳамоуп, дазусҭазаалакгьы, дызмилаҭзаалакгьы азин имам ус баша абна аԥҟара. Ари аус иахылаԥшуеит ибзиан, ауаагьы уи иқәныҟәоит, лымкаала машәыршәа ак ҟамлакәа, шамахамзар, зегьы ус баша инылаланы доусы иахьааиҭаххалак аҵла хиҵәо азин имаӡам", - ҳәа еиҭеиҳәеит Харабуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0