Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Папаԥҳа: аԥсуаа рҭоурых иадҳәаланы уажәы аус здызуло анҵамҭақәа сдыршанхеит

© Фото : Московская абхазская диаспора Маҳинур Папааԥҳа
Маҳинур Папааԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы, апублицист, аиҭагаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ-аетнограф Маҳинур Папаԥҳа лирамшуп иахьа. Абри аҽны арадио Sputnik аефир аҟны лара еиҭалҳәеит лнапы злаку атәы.

Аҵарауаҩ илҳәеит адунеи аҟны ачымазара ҿкы аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа ҳасаб азуны лиира амш аҩны ишылхылго.

Папаԥҳа: аԥсуаа рҭоурых иадҳәаланы уажәы аус здызуло анҵамҭақәа сдыршанхеит

"Аҩны ҳаҟоуп, сус саҿуп, аԥсуа бызшәа, аҭоурых ирызку азҵаарақәа, Омар Беигәаа иҩымҭақәа аԥсшәахь еиҭазгоит. Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны уи дҵас иҳамоуп, иҳалшазгьы ыҟоуп, аха ҳаԥхьаҟа ишьҭоу аусқәа рацәоуп. Ҩышықәса раахыс аус рыдызулоит Омар Беигәаа ижәарқәа, алатын нбан аҟынтәи акирилл ахь ииазгоит. Убасгьы иара ирҿиареи иԥсҭазаареи ирызку диссертациак рхианы исыман. Уи иадырҵеит адиаспора аҭоурыхгьы анысҵарц. Уи саланагалан, акыр аҩымҭақәа сыԥшааит даҽа хәаԥшышьак ала. Ҩба-хԥа шықәса уи саҿын, уажәы аҩрахьы сыиасит, салгарц акгьы сыгым, зеиԥш ыҟам адырра ҿыцқәа еилыскааит, ҳаԥсуа ҭоурых акы еиԥшымкәа, иахьа Аԥсны аҳәаақәа рҟны мацара акәымкәа, аҳәаанырцә Мысра (Египет - аред.), Ҭырқәтәыла, Бырзентәыла аума, зегьынџьара рышьҭа ыҟоуп аԥсуаа. Аԥсуа ҭоурых иадҳәалоу сашьҭоуп, зеиԥш ыҟам адыррақәагьы сыԥшааит. Аԥсуаа ииашаҵәҟьаны Кавказ егьырҭ раасҭа аҭоурых ссир шьақәзыргылаз жәларуп ҳәа избоит сара. Уажәы иаагозар аҭырқәцәа, уи зысҳәо османаа мацара рзы акәӡам, аԥхьа иҟаз асельџьукцәа, егьырҭ аџьамцәа роума аԥсуаа рыӡбахә ибзианы ирҳәоит, насгьы ақырҭцәа дара раҳ ҳәа зыӡбахә рҳәо, Қырҭтәыла ҳәа ахьанырҵо дара Аԥсынтәыла ҳәа ианырҵон. Ус еиԥш ахыҵхырҭақәа иҳалшоз ала иҳаԥшааит, убарҭ аасырԥшырц саҿуп, избаз аиашазы саршанхеит", - лҳәеит Папаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0