Аԥсны афымцалашара ахә аҩны удәылымҵӡакәа иушәар ҟалоит аинтернет ахархәарала

© Sputnik / Илона ХварцкияКарты "Апра"
Карты Апра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Афымцаҭиира" афилиал анапхгара ргәаанагарала, мшаԥымзазы афымцалашара ахәԥса ашәара 50% рҟынӡа илаҟәыр алшоит 2019 шықәса иаҿырԥшны.

АҞӘА, мшаԥы 22– Sputnik, Бадри Есиава. АУН "Амшынеиқәафымцамч" абонентцәа анаплакы аофициалтә саит ала алашара ахәԥса ашәаразы алшара роуа иҟалоит ҳәа иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз "Афымцаҭиира" афилиал адиректор Инал Лазба.

"Иааиуа жәамш рыҩныҵҟа ҳуааԥсыра алшара раҳҭоит афымцалашара ахәԥса онлаин режим ала ашәара, ахсаалагақәа "Апра Мир", "VISA", "MasterCard" рыла. Акарантин аамҭазы ари актуалра аҵаны иҟоуп", - ҳәа иҳәоит Лазба.

Инал Лазба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Лазба: афымца ахә ахшәаара адагьы, иеиҷаҳалатәуп

Аԥарашәаразы ахархәаҩцәа анаплакы асаит аҟны рыҽҭарҩыр ауп ридентификациатә номер ахархәарала. Ауал ашәара алшоит "ахатә кабинет" аҟәшаҿы. Ахархәаҩ ID изымдыруазар , "Афымцаҭиира" ахь аҭел дасны еиликаар ҟалоит. "Ахатә кабинет" аҟәшаҿы иара убасгьы ианыԥшуеит аҵыхәтәантәи аҭаҩратә дыррақәа, аҵыхәтәантәи ашәарақәа ррыцхә, рхыԥхьаӡара.

Лазба иазгәеиҭеит иахьатәи аԥарашәаратә методқәа зегьы рхы ишадмырхәо. Иҟоуп агәаҭаҩ данааиуа ҳәа иԥшны итәоугьы.

"Ԥхьаҟазы ҳара аҽазышәара ҟаҳҵароуп ауаа хаҭала, аамҭа иақәыршәаны аԥара ршәаларц, иаҳҳәап аҭел ахә шыршәо еиԥш", - ҳәа иҳәоит Лазба.

Иара убасгьы иҳәеит ҳаамҭазтәи аметодқәа ралагаларала ажәытә ҭагылазаашьа шыԥсахтәу.

Хәажәкыра 28 рзы Аԥсны иаларгалаз аҭагылазаашьа ҷыда афымцалашара ахәԥса ашәара анырра анаҭеит. Лазба иажәақәа рыла, анаплакы бжьаратәла мызк ала 30 миллион рҟынӡа азнеиуеит. 2020 шықәса хәажәкырамзазы ари арбага быжь-миллионк рыла еиҵахеит. Мшаԥымзазы еиҳагьы иеицәахеит ҳәа иҳәоит иара.

"Иахьазы алашара ахәԥса аизгара еиҳарак имҩаԥызго агәаҭаҩцәа роуп. Акарантин аамҭазы дара аҩнқәа рахь изнеиуамызт, рус рзынагӡомызт. Мшаԥы 21 азтәи адыррала "Афымцаҭиира" афилиал аԥхьаӡамҭаҿ 7,5 миллион мааҭ роуп иҟоу", - иҳәеит иара.

Лазба иажәақәа рыла, аҭагылазаашьа анырра анаҭеит аҭагылазаашьа ҷыда аан ахатәхаҿқәа рԥарамшәаразы алашара рымырхуа иахьыҟамыз.

"2019 шықәса мшаԥымзазы ахатәхаҿқәа 9 миллион мааҭ ршәазар, 2020 шықәса мшаԥымзазы иршәахьоу аԥара 500 000 мааҭ еиҳам", - ҳәа иҳәоит Лазба.

Асеиԥш аҭагылазаашьа анаплакы апроблемақәа азцәырнагеит ахарџьқәа аԥара рыхшәаараҿи аусзуҩцәа рулафахәы ашәараҿи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0