Аԥсышәалеи урысшәалеи: Двинианин Бжьаниа дидныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАлексей Двинянин
Алексей Двинянин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит Аԥсны ахада Иусбарҭа аконференц-зал аҿы. Уи мҩаԥысит ауаа рацәа адымгалакәа, атәылаҿы акоронавирус алаҵәаразы иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы.

АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин Аслан Бжьаниа атәыла ахадас иалхра идиныҳәалеит.

Двинианин Бжьаниа иахь ихы нарханы аԥсышәала дцәажәеит, нас Урыстәыла ахада Владимир Путин ихьӡала адныҳәаларатә аацҳамҭа даԥхьеит.

Урыстәылатәи адипломат агәрагара ааирԥшит Аслан Бжьаниа иполитикатә ԥышәеи, иҟәышреи, ипрофессионализми ирылҵшәаны Аԥсни Урыстәылеи русеицура еиҳагьы хра аманы иҟалап ҳәа.

"Сара агәра шәсыргар сҭахуп Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра иарбан хырхарҭазаалак, иарбан усхкзаалак рҟны еснагь адгылареи ацхыраареи шанаҭо азы", - ҳәа иҳәеит Двинианин.

Урыстәылатәи адипломат ҷыдала дазааҭгылеит адунеи иахыҵәаз акоронавирустә инфекциа апандемиа. Ацҳаражәҳәаҩ Владимир Путин иажәақәа еиҭаҳәо иазгәеиҭеит ари арыцҳара аиааира шалшо аидгылара ала мацара шакәу.

"Нагӡара ақәзааит Аԥсны Аҳәынҭқарра! Шьардаамҭа Аԥсни Урыстәылеи! Даара иҭабуп", - иҳәеит аҵыхәтәаны аԥсышәала Двинианин.

Иахьа, мшаԥы 23 рзы Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит Аԥсны ахада Иусбарҭа аконференц-зал аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0