АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Рита Лолуаԥҳа Риҵатәи ареликттә парк аиҳабыс дахьыҟаз аҟынтәи лхы дақәиҭтәуп. Абри азы Адҵа инапы аҵаиҩит аԥыза-министр Валери Бганба мшаԥы 23 рзы. Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз Рита Лолуаԥҳа лхатәгәаԥхарала абри аҭыԥ аанлыжьит.
Лара ԥхьаҟатәи лыпланқәа дрылацәажәеит.
"Адоктортә диссертациа аҩра снапы аласкуеит. Сара скандидаттә диссертациа шьаҭас иҟаҵаны аихамҩатә станциақәа аус ахьыруа ыҟоуп. Сара занааҭла аихамҩаусзуҩуп", - лҳәеит лара.
Рита Лолуаԥҳа Риҵатәи ареликттә парк аиҳабыс дҟаҵан 2014 шықәса рзы. Абри аҭыԥ аҿы лара длыԥсахит Саид Ҭаркьыл.
Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк 1996 шықәса рҟынӡа ҳәырԥсарраны ишьан. Апарк ахышәа-ҵышәа 39 000 гектар иҟоуп. Араҟа иуԥылоит еиуеиԥшым аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи.
Есышықәса апарк иаҭаауеит 300 - 400 нызқьҩык рҟынӡа атуристцәа. Апарк аҭаларазы адуцәа иршәароуп 350 мааҭ, ахәыҷқәа – 100 мааҭк. 45% апарк ахашәала ареспубликатә биуџьет ахь ицоит, 55% иара аныҟәгаразы.