Уахыки-ҽнаки рыла 22-ҩык Аԥсны атәылауаа акоронавирус азы атестқәа ҟарҵеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУахыки-ҽнаки рыла 22-ҩык Аԥсны атәылауаа акоронавирус азы атестқәа ҟарҵеит
Уахыки-ҽнаки рыла 22-ҩык Аԥсны атәылауаа акоронавирус азы атестқәа ҟарҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирус азы атестқәа ззыҟарҵо ари ачымазара аҟазшьақәа здырбало, мамзаргьы ичмазаҩыз иныруаз роуп.

АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла 22-ҩык ҳтәылауаа акоронавирус азы атестқәа ҟарҵеит. Урҭ рҟынтәи аӡәгьы авирус идрымбалеит ҳәа аанацҳауеит Аоперативтә штаб.

Аштаб аҿы ишьақәдырӷәӷәеит атәылаҿы иахьатәи аамҭазы авирус зыдбалоу хҩык шракәу иҟоу. Убри аан руаӡәк игәабзиара ҭышәынтәалахьеит. Апациентцәа руаӡәк Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа дҭоуп, лассы дылырҩаараны дыҟоуп.

1925 шықәса рзы ииз, авирус змоу аԥҳәыс лҭагылазаашьа хьанҭоуп ҳәа азгәарҭеит аштаб аҿы. Аԥҳәыс аԥхьа ахәышәтәырҭа аҭалара мап ацәылкуан, аха лгәырахәымра аицәахара иахырҟьаны уахь днаган. COVID-19 аҟынтәи ахәышәтәразы иахәҭоу ауснагӡатәқәа лзыҟарҵоит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0